Аминистрцәа Реилазаара амаининг аҭышәныртәаларазы ақәҵара аднакылеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аԥсныҟа амаининг азы амыругақәа ҩымз рыҩнуҵҟа алагалара азин ҟанаҵом. Аекономика аминистрра анапы ианҵоуп акриптовалиута аиуразы анорматив-зинтә ҳәаақәҵаразы азакәан апроект азин адуланы иазырхиазарц.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара аднакылеит акриптовалиута аиура аҭышәныртәаларазы ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара аднакылеит 60 мзартә мшы ҿҳәарас иҟаҵаны ареспублика аҵакырахь акриптовалиута аиуразы иаҭаху атауар алагалара азин аԥырхырц.

Аԥсны аекономика аминистрра, абри ақәҵара анрыдыркыла ашьҭахь 30 мзартә мшы ирхымгакәа акриптовалиута аиуразы анорматив-зинтә ҭышәныртәалараз анапынҵа аҭоуп:

  • Акриптовалиута аиуразы, аппарат ақәыргыларазы, азин ҷыда – алицензиа зҭатәу усутә хкны аԥхьаӡаразы анорматив-зинтә ҳәаақәҵара хықәкыс иҟаҵаны азакәанԥҵара аԥсахрақәа алагаларазы азакәан апроект архиарц;
  • Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәҵара "Акриптовалиута аиуразы азин ҷыда аҟаҵараз Аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы" аус адуланы адгалара;
  • Акриптовалиута аиуразы аусураҿ иаҭаху, ахархәара змоу Афымцатә шьақәгылақәа рышәҟәынҵа аиҿкааразы Аԥҟара ашьақәырӷәӷәара.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" абри ақәҵара амчра анаиулак ашьҭахь амзартә мшқәа хәба иреиҳамкәа анапы ианҵахоит:

  • Аекономика аминистрреи иареи еиқәышаҳаҭрала иҳәаақәырҵароуп зхархәара алшоны иҟоу афымцамч азеиԥш хархәара акриптовалиута аиура иадҳәалоу аоперациақәа рлимити иара убасгьы иназышьҭуеи еихызшои аҳақәа Иаку роператор аинфраструктура хаз игоу ахәҭақәа рыдҵараан алимити ԥкны;
  • Аекономика аминистрра ақәшаҳаҭрала Аминистрцәа Реилазаарахь аус адуланы инагатәуп акриптовалиутатә усура мҩаԥызго афымцамч ахархәаҩцәа амаҵзура рыҭаразы аиқәшаҳаҭратә форма.

Уи адагьы ацҵаҿы иарбоуп акриптовалиута аиуразы аусура аҭышәныртәалара аамҭалатәи аԥҟарақәа.

Аминистрцәа Реилазаара асаит аҿы ишаҳәо ала, Аԥсны аҵакыраҿы акриптовалиута аиуразы аусура амҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны ианыҟоу аамҭазы абарҭ аҭахрақәа ирықәныҟәалатәуп:

  • Акриптовалиута аиуразы аусурақәа мҩаԥызго ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ишышьақәнаргыло еиԥш иҭаҩзароуп иуристтә хаҿык иаҳасаб ала ма хатәхаҿык иаҳасаб ала, ашәахтә усбарҭақәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә статистикатә усбарҭақәеи Аԥсны абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рҿи ашәҟәы иҭагалазароуп,
  • 2020 шықәса абҵара 7 иахымгакәа Акриптовалиута аиуразы афымцашьақәгылақәа рышәҟәынҵа (аринахыс - Ашәҟәынҵа) арбагақәа ралагалара хықәкны иҟаҵаны Аԥсны аекономика аминистррахь инагатәуп:

– аиурист хаҿы (ахаланаплакҩы) аҳәынҭқарратә ҭаҩра шимоу азы аршаҳаҭга;

– ашәахтәшәараҿ ашәҟәы дышҭагалоу азы аршаҳаҭга;

– акриптовалиута аиуразы иахәҭаны иҟоу афымцашьақәгылақәа (амашьынақәа, амыругақәа) ртехникатә ҟазшьарбагазы Аекономика аминистрра аформала адыррақәа;

  • акриптовалиута аиуразы афымцашьақәгылақәа рзы адыррақәа рышәҟәынҵа ахь ишаҵарку шьақәзырӷәӷәо Аекономика аминистрра ирнаҭо алҩаа ашьаҭала 2020 шықәса абҵара 21 иахымгакәа Иаку аоператор ахь арзаҳал нашьҭтәуп Иаку аоператор афымцатә ҳақәа иҽышрыдиҵо ала;
  • афымцамч акоммерциатә ԥхьаӡара автоматикатә системала еиқәыршәо афымцамч ахархәара азыԥхьагәазҭо амыругақәа еиԥҟьарада русура аиҿкара.
  • Иаку аоператор атехникатә лшарақәа анрынаҭо, атехнологиатә еидҵара амҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны афымцашьақәгылақәа рымчлшараз адыррақәа напхгагас игароуп. Убри аан иалшоит Ашәҟәынҵа алҩааҟны иарбоу адыррақәа иреиҳау амчлшараз атехникатә ҭагылазаашьақәа рыҭара, аха урҭ хә-процентк иреиҳамзар.

Иара убас шәаҳьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0