Узбекистан атәылауаҩ лцәа ԥызҽыз ихала азинхьчаҩцәа ихы риҭеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде
Рассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла инақәыршәаны, ауаҩытәыҩса имч мырхакәа ицәаԥҽразы 3-6 шықәса рҟынӡа ахарақәҵара артәоит.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Узбекистан атәылауаҩ лцәа ԥызҽыз ҳәа агәызҩара ззыҟоу Аԥсны атәылауаҩ Альберт Киносиан ихала Аԥсны амилициа аусзуҩцәа рахь днеины ихы риҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

"Имҩаԥысуаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны цәыббра 10 рзы Киносиан ихала ихы цәыригарц дазырхәыцын. Иара азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иҽриҭеит. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Аҟәатәи араион апрокуратура", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашьаус аматериалқәа инарықәыршәаны хәажәкыра 1, 2020 шықәса рзы Альберт Жираин-иԥа Киносиан, 1979 шықәса рзы ииз, амч ихы иархәаны 1976 шықәса рзы ииз Узбекисҭан атәылауаҩԥҳәыс иавтомашьына "Ниссан" ала Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан уаҩ дызхым ахыбрахь днаган лцәа ԥиҽит.

Хәажәкыра 4 рзы Аҟәа араион апрокуратура Гәымсҭа ақыҭан Узбекистан атәылауаҩ лцәаԥҽра аганахьала ашьаус хацнаркит, нанҳәа 2 рзы аусҭҵаара аанкылан.

Уажәазы Киносиан иганахьала еиҭахацыркуп аусҭҵаара Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 126 ахәҭа 1 (ацәаԥҽра), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (асексуалтә ҟазшьа змоу амч ус) инарықәыршәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0