Бжьаниа араионтә активқәа рԥылара ааникылоит COVID-19 аҭагылазаашьа инамаданы

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылаҿы еиҳа-еиҳа иазҳауеит акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рхыԥхьаӡара. Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла Аԥсны 56 коронавирустә хҭыс аҭыԥ аман.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Уаанӡа иазыԥхьагәаҭаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи араионқәа руаажәларреи реиԥыларақәа рыҿҳәара инахоуп  ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхара инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Аҳәынҭқарра ахада аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп аҭагылазаашьа шааиӷьхалак", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭа.

Ииасыз амчыбжь азы Аслан Бжьаниа Гагреи Очамчыреи араионқәа рҿы ауааԥсыра дырԥылеит.

Гагратәи аиԥылараҿы иалацәажәан ашәахтәқәа рымшәара апроблема. Ахада Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрреи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рнапы ианиҵеит ашәахтә зымшәо рус Апрокуратура хадахьы инарышьҭырц.

Очамчыра араион аҿы Бжьаниа далацәажәеит хылаԥшра змам амаининг атема, афымцамч азы ауал, ақыҭанхамҩаалыҵ аекспорт апроблема.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0