Аҵарҭышагаразы иаанкылаз Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа мызкы ҳәа иҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа аҵарҭыша шыргоз иаанкылан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура имҩаԥнагоз аоперативтә експеримент аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, цәыббра 23– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша иатәу Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Саид Гарцкьиеи Сасрыҟәа Ҷедиеи, аҵарҭышагара гәҩарас изызрымоу, мызкы ҳәа иҭакуп Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала. Абри азы Sputnik адырра арҭеит Аԥсны Апрокуратура хадаҿы.

Сотрудник ДПС на посту - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи автоинспекциа аусзуҩцәа аҵарҭышазы иаанкылоуп

Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, иаанкылоу рдукатцәа ақәшаҳаҭымхеит абри аҩыза аӡбамҭа, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа азашшра Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инарышьҭит.

Апрокуратура хада адыррақәа рыла, цәыббра11 рзы амилициа алеитенант Саид Гарцкьиеи амилициа алеитенант еиҳабы Сасрыҟәа Ҷедиеи рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан Гәдоуҭа араион, ААИ астационартә пост "Бамбора" иахьгылаз быжь-нызқь мааҭ аԥара ҵарҭышас иргеит.

Дара амҩатә ԥҟара шеилагаз шьақәдырӷәӷәеит, аха аԥара ганы административтә зинеилагара шыҟалаз азы аԥкаанҵа хадмырҭәааит, "убри алагьы закәанла ихьчоу аҳәынҭқрра аинтересқәа ӷәӷәала еиларгеит".  

Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 285 актәи ахәҭа (амаҵзуратә напынҵақәа ахрархәара); ахәҭаҷ 292 аԥшьбатәи ахәҭа апункт  "а" (амаҵзурауаҩ аҵарҭыша игара).

Амаҵуратә уалԥшьақәа реилагаразы 10 - 20 нызқь ахараԥса артәоит ма рмаҵураныжьра, ма хәышықәса рыҩныҵҟа усхкқәак рымҩаԥгара азин рымаӡам, мамзаргьы 1-4 шықәса аҭакра. Аҩбатәи ахәҭаҷ иазыԥхьагәанаҭоит 7-12 шықәса аҭакра, амазара амхрагьы нацҵаны.

Нанҳәа анҵәамҭазы Аслан Бжьаниа аиҳабыра реилатәараҿы анапынҵа ҟаиҵеит аоперативтә експериментқәа мҩаԥгазарц "автотуристцәа ирышьҭашәарыцо" шьақәыргыланы раанкыларазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0