Озганԥҳа амаининг иахҟьаны "Амшынеиқәафымцамч" иаиуз ацәыӡқәа дрылацәажәеит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие майнингового центра в Ленинградской области
Открытие майнингового центра в Ленинградской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҟны имҩаԥысит араионтә фымцатә ҳақәа рнапхгаҩцәеи рынџьныр хадацәеи реилацәажәара. Аилацәажәара далахәын аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа.

АҞӘА, цәыббра 23 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҟны имҩаԥысыз аилацәажәараҿ еиҭалҳәеит аенергетикатә усхк ацәыӡқәа, афымца ҳақәа рҭагылазаашьа, урыстәылатәи аҟазауаа ртехникатә аудит арбагақәа уҳәа ртәы.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа Реилазаара амаининг аҭышәныртәаларазы ақәҵара аднакылеит

"Аиԥылара мзызны иаиуит Аиҳабыра аенергетика аусхк аганахьала аҵыхәтәантәи рыӡбрақәеи афымца ҳақәа рҭагылазаашьеи", - ҳәа азгәарҭеит аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Кристина Озганԥҳа иазгәалҭеит 2016 шықәса раахыс афымцахархәара 30% рыла ишазҳаз. Уаанӡа акриптовалиута аиура мап ацәкразы ақәҵара иазыԥхьагәанаҭомызт амаининг азы ахархәагақәа ралагалара, арҭ аресурсқәа рылшара ҳәа азгәалҭеит аминистр.

Лара лгәаанагарала, ари иалнаршеит 80 миллион рҟынӡа зыхәԥса ыҟоу ахархәагақәа ареспубликахь ралагалара.

"2018 шықәса рзы азинҟамҵара алагалазар аахыс (киловатт-сааҭк азы 0,85 мааҭ ҳәа атариф ала) АУН "Амшынеиқәафымцамч" ацәыӡқәа 360 миллион мааҭ итәеит, ишьақәыргылоу атариф (1,5 мааҭ) ала аԥхьаӡараан аҳәынҭеилакқәа рхашәала 600 миллион мааҭ итәозаарын", - лҳәеит Кристина Озганԥҳа.

Лара иаҵылшьит уажәы излацәажәо аԥхьанатәтәи ауснагӡатәқәа ркомплекс шакәу. Уи  апроцесс аҭышәныртәалара алнаршароуп. Ушьҭантәи аетап – административтә нырра ахархәареи азакәан апроекти ракәхоит.

"Аиҿкаара хуаадахоит напыӷәӷәала иумкыр. Абизнес аҳәаақәа ирҭыган, аха аенергетикцәа алахәын", - лҳәоит Озган.

Лара иазгәалҭеит аенергетикцәа рыцхыраарада анаплакытә усура дарбанызаалак асубиект аҳақәа ихы изархәом ҳәа.

Бадрак Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҩӡба: амаининг азы аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит, аха анагӡара кәадоуп

"Аиҳабыра рпозициа принципиалтәхоит. Араионқәа рҟынтәи атехникатә информациа аамҭа мгакәа иазырхиазароуп. Ацентр иамоуп арегионқәа ахылаԥшра зларзыруша амеханизмқәа. Уажәы ҳарзыԥшуп урыстәылатәи ҳколлегацәа рофициалтә лкаақәа.  Уи иалнаршоит раԥхьа иҟаҵатәу алкаара. Ҳара ҳҿаԥхьа игылоуп ҩ-усхадак: афымцамч аекономиеи атехникатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи. Уажәазы афымцамч ацәыӡқәа 40% ыҟоуп. Ари ҳара ҳзы ицәыӡ дууп", - лҳәеит Кристина Озганԥҳа.

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылеит акриптовалиута аиура аҭышәныртәалараз ауснагӡатәқәа ахьарбоу ақәҵара ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит. Иара убасгьы ирыдкылан ақәҵара "Аелектроенергиа аусхк аҟны анорматив-зинтә актқәак рзы". Аминистрцәа Реилазаара амаинерцәа рзы атариф ҷыда шьақәнарӷәӷәеит.

Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнаргылеит 60 мзартә мшы рыҩныҵҟа ареспублика аҵакырахь акриптовалиута аиуразы иахәҭоу ахархәагақәа ралагалара азин ҟамҵазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0