Аԥсны ирӷьычыз ауаҩы ихы дақәиҭтәуп

© SputnikГенеральная прокуратура республики Абхазия
Генеральная прокуратура республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зых иақәиҭыртәыз ахаҵа игәабзиара шәарҭам, иԥсҭазаара акгьы аԥырхагам. 1962 шықәсазы ииз Џьемали Соселиа дшырӷьычыз азы Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гал араионтә аҟәша аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит цәыббра 6 ауха.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik. Цәыббрамза алагамҭазы ирӷьычыз Џьемали Соселиа ихы дақәиҭуп, уажәы иара иҿахәы иҿырхуеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Апрокуратура хадаҿы.

"Соселиа ихы дшақәиҭтәу афакт шьақәҳарӷәӷәоит. Макьаназы аусҭҵаара аинтересқәа рзы зегь ҳзеиҭаҳәом. Зых иақәиҭыртәыз ахаҵа игәабзиара шәарҭам, иԥсҭазаарагьы акгьы аԥырхагам. Уажәы аоператив-усҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит аҭагылазаашьа зеиԥшраз аилкааразы", - рҳәеит аусбарҭаҿ.

1962 шықәсазы ииз Џьемали Соселиа дшырӷьычыз азы Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гал араионтә аҟәша аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит цәыббра 6 ауха.

Ашьаусԥшаара-оперативтә гәыԥ ишеилнакааз ала, цәыббра 5 асааҭ 22 рзеиԥш Тҟәарчал араион Речхә ақыҭан амаҭәа еиқәаҵәа рышәҵаны, асабрадақәа рхаҵаны ари ақыҭа анхаҩы Џьемали Соселиа дзықәтәаз автомашьына BMW ааныркылеит, анаҩс урҭ еилкаам ахаҿқәа Соселиа дрыманы Гал араион Аберқыҭ аганахь идәықәлеит.

МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Ауаҩы иӷьычразы Аԥсны ашьаус хацыркуп

Аусҭҵааҩцәа ргәаанагарала "ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи ҩ-километрак ахьыбжьоу астанциа маҷ ЕгрыГЕС аҵакыраҿы идырым ахаҿқәеи Соселиеи рыбжьара аимак ҟалеит, дара гыршәала еицәҳауан, анаҩс аисра иалагеит, уи ашьҭахь дара мчыла Џьемали Соселиа даанкыланы, Қырҭтәылатәи Ареспублика аҳәынҭқарратә ҳәаахь идәықәлеит".

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Соселиа иавтомашьына рбеит Гал араион Алаҟәымҳара ақыҭа амҩақәа руак аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0