Аԥсны аказақцәеи Аурыс уаԥшьи Ҟарабахтәи аимак аганқәа еиҿцәажәарц иаарыԥхьеит

© Sputnik / Ministry of Defence of ArmeniaБоевые действия в Нагорном Карабахе
Боевые действия в Нагорном Карабахе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟарабах аконфликт ахы акит 1988 шықәса жәабранмзазы, Ашьха-Ҟарабахтәи автономтә област Азербаиџьантәи ССР ишалҵуа азы аҳәамҭа аныҟанаҵа ашьҭахь.

АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Аԥсны аказақцәеи Аурыс уаԥшьи Ҟарабахтәи аимак аганқәа рахь амца аанкыланы аиҿцәажәарахь инеиразы ааԥхьара ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит Амшынеиқәатә аказақтә ари Аурыс уаԥшьи рыпресс-маҵзура.

Ситуация в зоне карабахского конфликта - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабах иҟоу аҭагылазаашьазы ааԥхьара ҟанаҵеит

Ареспубликаҿы аимак аибарххара иалацәажәан Аурыс уаԥшь ахантәаҩы Роман Риазанцев дызлахәыз  аибашьра иалахәыз атаманцәеи аказақцәа-аветеранцәеи рхеилак аҟны.

"Ҳара, Аԥсны Амшынеиқәатә казақцәа рыр аказақцәа, аибашьра алахәылацәа аказақцәа-аветеранцәеи Аԥсны аурыс уаԥшь ахаҭарнакцәеи ааԥхьара ҟаҳҵоит амца аанкылазарц ԥхьаҟазы иҟалар зылшо  аԥсыҭбарақәеи Ареспублика Азербаиџьани Ареспублика Арцахи (Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика - аред.) рыбжьара мҽхакыҭбаалатәи аибашьреи рыҟамларазы. Ҳара иаадыруеит аибашьра иацу арыцҳара, аҭынч уааԥсыра ргәаҟра, аибашьра ашьҭа знымҵуа аҿар рыԥсҭазаара. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсныжәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира Амш аламҭалаз аҳәара ҟаҳҵоит аганқәа рыҩбагьы ахынкылара аарԥшны аиҿцәажәараз еидтәаларц", - аҳәоит ааԥхьараҿы.

Уаанӡа Ашьха Ҟарабах ахаҭарнакцәа адырра ҟарҵахьан азербаиџьантәи аруаа иара аҵакыра, Степанакерт ақалақьгьы абрахь иналаҵаны, иақәкны ахысра аадыртит ҳәа. Аҭынч уааԥсыра рыбжьара аԥсыҭбарақәа ыҟоуп ҳәа азгәаҭан.

Бақәеи Еревани досу ахара рыдибаҵоит. Азербаиџьантәи аган ахысра иалагаз аерман ган ауп ҳәа иқәгылоуп. Ермантәылатәи аруаа ракәзар, ирҳәо азербаиџьантәи аган ауп ажәылара иалагаз ҳәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0