Гал Аԥсны абираҟ амца ацразҵаз иганахьала ашьаус хацыркуп

© SputnikАбхазский флаг
Абхазский флаг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 рзы асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит Гал араион аҿы аԥсуа бираҟ амца азыркыз ауаҩы даанкылоуп ҳәа адырра.

АҞӘА, жьҭаара 1 – Sputnik. Гал араион ауаҩԥсы Иракли Бебуа Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш амца ацразҵаз иганахьала ашьаус хацыркуп. Абри атәы аанацҳауеит Гал араион ахадара апресс-маҵзура.

Иазгәаҭан авандализм акт аҽнышьыбжьон ишымҩаԥгаз. Сааҭк ааҵуаны ацәгьоуҩы даанкылан. Уажәазы аусҭҵаара мҩаԥысуеит.

Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭон Аџбынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 27-шықәса ахыҵра амш.

Аԥсуа ар ареспублика ахы иақәиҭыртәит 1993 шықәса цәыббра 30 рзы. Егры аӡиас ала имҩасуа аҳәынҭқарратә ҳәааҿ Аԥсны абираҟ шьҭыхын. Қырҭтәыла иаҿагыланы аибашьраҿы аԥсуа ган аҟынтәи иҭахеит 3,5 нызқьҩык. Хә-нызқьҩык инарзынаԥшуа ахәрақәа роуит, ҩышәҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.

Цәыббрамза аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аԥсны иргәаладыршәоит ҳтәыла ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз, иазгәарҭоит Аиааира Ахьыԥшымреи рымшныҳәа.

Сынтәа коронавирустә инфекциа алаҵәара алмыршаразы  аныҳәатә уснагӡатәқәа рыпрограмма ркьаҿын.

Ажәабжьқәа зегьы
0