Аҟәатәи ашколқәа руаки ахәыҷбаҳчақәа хԥеи рҟны акарантин иацҵахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукШкола номер 4
Школа номер 4 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵара аминистрра адыррақәа рыла ареспубликаҿы ашколқәа хәбеи ахәыҷбаҳчақәа хәбеи акоронавирустә инфекциа алаҵәаразы акарантин рхыргарц иоушьҭуп.

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik. Аҟәатәи ашкол №4 аҿи ахәыҷбаҳчақәа хԥа рҿи акарантин жьҭаара 12 рҟынӡа иаанхоит ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аҟәа ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

"Аҟәатәи ашкол №4 аҿы ҿыц ичмазаҩу аӡәгьы дыҟам, аха арҵаҩцәа макьаназ ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп. Иахьазы фҩык арҵаҩцәа чмазцәоуп. Иҟоу зхы ԥхьазкыз, урҭ арҵаҩцәа ирныруаз. Ичмазаҩуп ԥшьҩык аҵаҩцәа", - ҳәа лҳәеит лара.

Акарантин аҿҳәара инахоуп жьҭаара 12 рҟынӡа ахәыҷбаҳчақәа "Аҟармаҵыс", "Алакә", "Гунда" рҿгьы.

Сдача выпускных экзаменов в Италии - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны ашколқәа иукьымсуа ашоурашәагақәа рыла еиқәыршәазарц

Аҳҭнықалақь аҵаратә усҳәарҭақәа зегьы рыҟны имҩаԥысуеит акоронавирус аламырҵәаразы апрофилактикатә уснагӡатәқәа.

Цәыббра 20 рзы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҵаҩцәа акарантин ахь аҩныҟа иоушьҭын ҩымчыбжь ҳәа, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы, ашкол аҿы арҵаҩы лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь.

Аԥсныпресс аҿы иаагоу Аԥсны аҵара аминистрра адыррақәа рыла ареспубликаҿы ашколқәа хәбеи ахәыҷбаҳчақәа хәбеи акарантин ҳәа иаркуп: Очамчыратәи ашкол №2 – жьҭаара 15 рҟынӡа, Ҷлоутәи абжьаратә школ - жьҭаара 8 рҟынӡа, Драндатәи ашкол - жьҭаара 5 рҟынӡа, Гал араион аҿы жьҭаара 5 рҟынӡа иаркуп ахәыҷбаҳчақәа "Аберқыҭ", "Амра".

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0