COVID-19 аҽацәыхьчаразы аԥкырақәа амчра роуит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСалоны красоты и парикмахерские возобновили работу в Москве
Салоны красоты и парикмахерские возобновили работу в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны авирус рыдырбалахьеит 1716-ҩык. Ргәы бзиахахьеит 621-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит жәахаҩык.

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра авирус рацәыхьчаразы аԥкырақәа амчра роуит жьҭаара 5 инаркны.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵа инақәыршәаны, жьҭаара 5, 2020 шықәса инаркны Аԥсны аҵакыраҿы иҟалом рымҩаԥгара:

  • Амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, алабаратә, ацәыргақәҵатә усмҩаҧгатәқәа ахыбрақәа рыҩныҵҟа, акультура аусҳәарҭақәа аламҵакәа.
  • Акультура аусҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, акультуратә центрқәа, акультура ҩынқәа, аконцерттәи ацәыргақәҵатә залқәеи) русурақәа мҩаԥыргалароуп иарбоу аусҳәарҭақәа русуҩцәа хымԥада хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарԥақәеи) рхы иархәаны.

Шәлымба апассаџьырцәа рныҟәгаразы аԥҟара ҿыцқәа рзы: иахьынӡауа инаҳагӡарц ҳаҿуп

  • Иҟалом ачаратәи егьырҭ агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәеи рымҩаԥгара.
  • Абжьагара ҟаҵоуп алахьеиқәратәи агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәеи зыҽрылазырхәуа ахаҿқәа рхыҧхьаӡара аҧкразы.
  • Ауаажәларратә крыфарҭақәа робиектқәа атәылауаа рымаҵура иазку аишәақәа рыбжьара асоциалтә дистанциа (1,5 метра) рыбжьаҵарази амаҵ зуа аусуҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарҧақәеи) рхархәарази аҭаххарақәа рықәныҟәаразы.
  • Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи афатәтә, ақыҭанхамҩатә, ашәҵатәтәы рџьырмыкьақәеи урҭ ирыду адгьылҵакырақәеи радминистрациқәа есҽны апрофилактикатә дезинфекциа рзыруроуп.
  • Аҭыԥантәи администрациақәа ауаажәларратә транспорт аҩныҵҟа есҽны апрофилактикатә дезинфекциа рзуразы, амашьынаныҟәцаҩцәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарҧақәеи) рхы иадырхәароуп.

COVID-19 аҽацәыхьчаразы Аԥсны иалагалоу аԥкра ҿыцқәа

Уи адагьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра иадҵоуп 2020 шықәса жьҭаарамза 15-нӡа:

  • Аҟәа ақ. Аԥсны араионқәеи рыҟны иҟоу амедицинатә усҳәарҭақәа, урҭ рыҟны хазы иҟоу аҭыҧқәа раартреи русуреи алыршазарц акороновирустә ҿкы змоу ахаҿқәа рышьҭаҵаразы;
  • Гәдоуҭатәи аковидтә центр аҟны аҵәыҵәри аҭаразы аиҿкаара-техникатә усмҩаҧгатәқәа хыркәшазарц.

Аԥсны афинансқәа рминистрра уи афинансыркра алнаршароуп.

  • Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәа рыштаттә хыԥхьаӡара ааҩык рҟынӡа аизырҳаразы иацҵаны ахарџьқәа рзы;

Асанепидеммаҵзура аштат жәеизаҩык аусзуҩцәа ацлоит

  • акороновирустә ҿкы аарҧшразы имҩаҧырго амедицинатә ҭҵаарақәеи атестқәеи рзы Агәабзиарахьчара аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура иҷыдоу амыругақәеи аныхтә материалқәеи раахәаразы;

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иадҵоуп аҭыҧантәи администрациақәеи иареи иааиҧмырҟьаӡакәа ашколнӡатәии азеиҧшҵараиуратәи усҳәарҭақәа хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәеи амедицинатә напҭарҧақәеи), средствами адезинфекциазы ахархәагақәеи, атермометри рыла реиқәыршәара.

"Ҳамчқәа азымхар ҟалоит": Анқәаб ауаажәлар аԥкрақәа ирықәныҟәарц иааиԥхьеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра иақәнагоуп ауааԥсыра агрипп апрофилактикеи иӷәӷәоу ареспиратортә вирустә ҿкқәеи рзы адырра рыҭара.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0