Аҟәа ақалақь аҿы Ахра Аҩӡба идгыларазы ауаа еизеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНа площади Свободы собрались родственники и друзья помощника президента Абхазии по международным связям Ахры Авидзба
На площади Свободы собрались родственники и друзья помощника президента Абхазии по международным связям Ахры Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт азы. Абри ашьҭахь Шәача ақалақьтә ӡбарҭа административтә ӡбамҭа аднакылеит дагьааннакылеит жәамш ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жьҭаара 5 рзы, Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы еизеит Ахра Аҩӡба иуацәа, иҩызцәа, азиндырыҩцәа.
Еизаз рхаҭарнак Александр Басариа иажәақәа рыла дара еиқәшәеит аҭагылазаашьа иамоу азиншьаҭа аилыргаразы. Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз иуацәа  иаанкылара ишақәшаҳаҭым атәы рҳәеит.

"Аҩӡба, адипломатиатә паспорт змоу, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ асеиԥш изныҟәара ҟалом. Ҳара Шәача иҟалаз ахҭыс аиҳабыра зхьаԥшрак арҭоит ҳәа ҳазыԥшын. Ауаа ирҭахуп аофициалтә хаҿқәа ари ишазыҟоу аилкаара", - иҳәеит Басариа.

Еизаз ауаа нарышьҭит Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь. Басариа иажәақәа арыла дара идикылеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

"Ишҳарҳәаз ала Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ иацәажәан, аофициалтә уснагӡатәқәа мҩаԥгахоит азҵаара аҭышәныртәаларазы", - иҳәеит Басариа.

Аамҭақәак рышьҭахь еизаз рахь днеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Гәынба мап ацәикит апрессаҿ аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭара.

Александр Басариа ишиҳәаз ала, иара иазгәеиҭеит атәыла анапхгара азҵаара гәыгәҭарыжьырц ргәы ишҭам.

Ахра Авидзба  - Sputnik Аҧсны
Шәачатәи аӡбарҭа Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба дарбаандаҩит

Ахра Аҩӡба аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ агәашәқәа имашьынала дрысны дышцаз зныз авидео асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит нанҳәа 7 рзы.

Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа нанҳәа 8 рзы Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт ала.

Ари азакәанеилагара хараԥсас иақәуп 200 нызқь мааҭ, мамзаргьы ахара зду 18 мзы рҟынӡа ирҭагӡаны иоуа иуалафахәы, мамзаргьы ҩышықәса мчыла аус ирура, ма иара убри аҿҳәарала иҭакра.

Уаанӡа Краснодартәи атәылаҿацә Аӡбарҭатә приставцәа Краснодартәи атәылаҿацәа иатәу рфедералтә маҵзура ишьақәнарӷәӷәеит Ахра Аҩӡба ауалқәа шиқәыз (Аԥсныҟа дахьаармышьҭуаз мзызс иаиуз - аред.), анаҩс иагьаарыцҳаит урҭ шишәаз.

Нанҳәа 10 рзы ари аҭагылазаашьа Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ахҳәаа азыҟаиҵеит, иара иазгәеиҭеит иарбан проблемазаалак, аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра иадҳәалақәоугьы убрахь иналаҵаны, аҩтәылак аус зуа рзакәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҿцәажәарақәа рыла иӡбалатәуп ҳәа.

Цәыббра 2 рзы жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба Шәача ақалақьтә ӡбарҭа административтә ӡбамҭа адкыланы жәамш ҳәа дааннакылеит иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ иазгәеиҭеит абри аан Ахра Аҩӡба адипломатиатә статус шимоу афакт хырҩа шазыруз.

Ажәабжьқәа зегьы
0