Соселиа иӷьычра иалахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаа рыԥшаара иаҿуп

© Sputnik Мигалки
Мигалки  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 5 рзы ирӷьычыз Аԥсны атәылауаҩ Џьемали Соселиа ихы дақәиҭтәын Қырҭтәыла аҵакыраҿы цәыббра 23 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Џьемали Соселиа имҵарсра иалахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу хҩык ауаа рыԥшаара иаҿуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аԥсны ААР ашьаусԥшаара аҟәшеи Аԥсны АШәМ-и русзуҩцәа ари ацәгьоура иалахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаа рхаҭарақәа шьақәдыргылеит.

Иԥшаара рылаҳәоуп 1962 шықәса рзы ииз Гал араион Дихазурга ақыҭа ауаҩԥсы Омари Харчлаа.

© МВД АбхазииОмари Харчилава
Омари Харчилава - Sputnik Аҧсны
1/3
Омари Харчилава
© МВД АбхазииМалхази Харчилава
Малхази Харчилава - Sputnik Аҧсны
2/3
Малхази Харчилава
© МВД АбхазииБадри Аблотия
Бадри Аблотия - Sputnik Аҧсны
3/3
Бадри Аблотия
1/3
Омари Харчилава
2/3
Малхази Харчилава
3/3
Бадри Аблотия

Аоперативтә дыррақәа рыла, Харчлаа Гал араион аҿы еиҿкаау ауаа аԥаразы изӷьычуа, изырҳәуа, аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа аконтрабанда ахызго ацәгьоуратә гәыԥ хадара аиҭоит.

Рыԥшаараз ирышьҭоуп ацәгьоуратә гәыԥ алахәылацәа – Харчлаа иаб Малхази Харчлаа, Гал араион ақыҭа Хьацҳа ауаҩԥсы Бадри Аблоҭиа.

Даҽа ҩыџьа афигурантцәа рыӡбахә макьаназ идырзом.

1962 шықәсазы ииз Џьемали Соселиа дшырӷьычыз азы Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гал араионтә аҟәша аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟалеит цәыббра 6 ауха.

Ашьаусԥшаара-оперативтә гәыԥ ишеилнакааз ала, цәыббра 5 асааҭ 22 рзеиԥш Тҟәарчал араион Речхә ақыҭан амаҭәа еиқәаҵәа рышәҵаны, асабрадақәа рхаҵаны ари ақыҭа анхаҩы Џьемали Соселиа дзықәтәаз автомашьына BMW ааныркылеит, анаҩс урҭ еилкаам ахаҿқәа Соселиа дрыманы Гал араион Аберқыҭ аганахь идәықәлеит.

Цәыббра 5 рзы ирӷьычыз Аԥсны атәылауаҩ Џьемали Соселиа ихы дақәиҭтәын Қырҭтәыла аҵакыраҿы цәыббра 23 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0