Аҭаҭын аалыҵ ала иҭәыз аиномаркақәа аанкылоуп

© Foto / пресс-служба Сочинской таможни Контрабанда сигарет
Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автомашьына Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахысуан. Зынӡа 2500 сигареҭҭра амҩангара аԥырҟәҟәаан.

АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Аҭаҭын аалыҵ аҭаҵәахраз аҭыԥ маӡа зҭаҟаҵаз аиномаркақәа хԥа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Актәи амашьына – BMW 5201 аҟазауаа-кинологцәа иҭырҵааит. Абензин ахьҭарҭәо абак аҿы аҭыԥ ҷыда ҟаҵан. Уи ҭаҭын аалыҵла иҭәын. 78 ҭоԥ асигареҭ ԥшаан. Амашьына аныҟәцаҩ, 26 шықәса зхыҵуа Шәача ақалақь ауаҩԥсы иҳәеит амашьына аамҭала сдырк имысхит, асеиԥш шыҟаз сыздырамызт ҳәа.

Аҩбатәи амашьына – TOYOTA LAND CRUISER аҟынгьы иара убри аҩыза аҭагылазаашьа аҭыԥ аман. Абак-дублиор иҭыган 119 ҭоԥи аа-асигареҭҭраки (23960 цыра).

Амашьына зтәыз иҿы иқәшаҳаҭхеит ариаҟара хыԥхьаӡара аҭаҭын аалыҵ аҳәаа ахыгара шыҟамлоз шидыруаз.

© Foto / пресс-служба Сочинской таможни Контрабанда сигарет
Аҭаҭын аалыҵ ала иҭәыз аиномаркақәа аанкылоуп - Sputnik Аҧсны
Контрабанда сигарет

Абри ашьҭахь еиҭаанкылан амарка "Шевроле Кобальт" иатәу амашьына. Автомашьына аидараҭаҵарҭаҿы аинспекторцәа ирыԥшааит 50 ҭоԥ асигареҭ (10 000) цыра.

Иааидкыланы иаарԥшын 49 560 цыра асигареҭ. Изакәанмыз атауари амашьынақәеи изтәыз ирымхын.

Административтә зинеилагарақәа рзы ф-уск хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0