Урыстәыла афымцамч аминистрраҟны Аԥсны фымцалашара аиқәыршәара азҵаара иалацәажәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнгурская ГЭС
Ингурская ГЭС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла афымцамч аминистрраҿы аилацәажәара иалахәхараны иҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа.

АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәара азҵаара иалацәажәараны иҟоуп Урыстәыла афымцамч аминистрраҿы аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак ихантәаҩрала жьҭаара 8 рзы иҟалараны иҟоу аилацәажәараҿ ҳәа аанацҳауеит Аекономика аминистрра асаит.

Уахь инеираны иҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа. Аделегациа иалахәуп АУН "Амшынеиқәафымцамч" ахаҭарнакцәа. Аганқәа иазԥхьагәарҭоит адефицит аамҭаан Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭреи атехникатә аудит алкаақәеи рызҵаара алацәажәара.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра мҩаԥгахараны иҟоуп ЕгрыГЕС аанкыланы аремонттә усурақәа рымҩаԥгараан. Астанциа аанкылахоит жәабран 15 инаркны лаҵарамза 2021 шықәса рҟынӡа.

Ситуация с энергоснабжением Крыма - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы ҭагалан-ааԥын иҟало афымцамч адефицит иалацәажәеит

Уаанӡа "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа иазгәеиҭахьан Урыстәылантә афымцамч аиура абҵарамза инаркны иаҭаххар ҟалоит ҳәа, избанзар ЕгрыГЕС иоунашьҭуа афымцамч Аԥсны иахәҭоу 40% ахы ианархәахьеит.

Цәыббрамзазы "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-технологиатә напхгаразы адиректор Руслан Кәарҷиа аҳәамҭа ҟаиҵеит жьҭаарамзазы аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагар ҟалоит ҳәа.

ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 азы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла. Амчхара — 1300 мегаватт инаӡоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0