Гагра COVID-19 аҽацәыхьчаразы ауснагӡатә цҵақәа аларгалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация Гагры
Администрация Гагры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала жьҭаара 5 инаркны акоронавирус аламырҵәара иазынархоу аԥкырақәа алагалоуп.

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь "Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы ауснагӡатә цҵақәа ралагаларазы" ҳәа адҵа инапы аҵаиҩит.

Ари адҵа инақәыршәаны жьҭаара 5 инаркны азинмч рымоуп атәыла ахада иалеигалаз аԥкырақәа.

Урҭ инарыцҵаны Гагра араион аҿы абарҭ ауснагӡатә цҵақәа алагалоуп:

  • СЕС анапы ианҵаны атәылауаа массала реизарҭаҭыԥқәа рырзҩыдара аиҿкаара;
  • Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы жьҭаара 7 инаркны Гагра араион аҳәынҭнапхгараҭарақәа, аҳәынҭусбарҭақәа, анаплакқәа, азинхьчаратә усбарҭақәа, амедицинатә усҳәарҭақәа, асоциалтә усхк аусбарҭақәа, авариа-еиқәырхаратәи акоммуналтәи маҵзурақәа русзуҩцәа  аалхны рулафахәы еицамккәа русурҭа ҭыԥқәа рҿы рыҟазаара  асааҭ 14:00  рҟынӡа иркьаҿзааит;
  • Ашәарҭаратә гәыԥ иаҵанакуа, зықәра 65 шықәса иахысхьоу арҵаҩцәа жьҭаара 7 инаркны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еиӷьхаанӡа аҩны иҟазааит рулафахәы шыҟоу ирзааныжьны;
  • Арҵаратәи акәашаратәи кружокқәа русура аанкылазааит жьҭаара 7 инаркны аҭагылазаашьа аҽаԥсахаанӡа.

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдбалоуп 1 976-ҩык. Урҭ рҟынтәи ргәы бзиахахьеит  668-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит жәафҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0