Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаарԥшу ҩ-нызқьҩык иреиҳахеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа иаарԥшу акоронавирустә хҭысқәа рхыԥхьаӡара 2071-ы ыҟоуп. Ргәы бзиахеит 811-ҩык, 19-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу аилкааразы атестқәа рзыҟаҵан 288-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәдыргылеит 95-ҩык, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 137-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 112-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-ҩык, ибжьаратәуп - 55-ҩык, илҩаауп 13-ҩык апациентцәа.

Аоперштаб ишаанацҳауа ала, жьҭаара 7 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.

1947 шықәсазы ииз апациентка ахәышәтәыра дҭашәеит жьҭаара 1 азы ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра аҟазшьақәа лыманы. Уи адагьы асоматикатә чымазара хьанҭақәа лылан. Лҭагылазаашьа ахьеицәахаз азы, лара диаган ареанимациатә ҟәшахьы, арԥҳақәа аҳауарҭарсга лзышьақәыргылан. Аҳақьымцәа иақәнагаз атерапиа шымҩаԥыргозгьы, жьҭаара 7 рзы аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.

Администрация Гагры - Sputnik Аҧсны
Гагра COVID-19 аҽацәыхьчаразы ауснагӡатә цҵақәа аларгалеит

Иара убас убри аҽны лыԥсҭазаара далҵит 67 шықәса зхыҵуаз даҽа пациенткакгьы. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит жьҭаара 2 рзы ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра лыманы. Аҳақьымцәа иақәнагаз атерапиа шымҩаԥыргозгьы, лҭагылазаашьа бааԥсхан, жьҭаара 7 рзы аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит. Лара иара убасгьы лцәа иалан егьырҭ асоматикатә чымазарақәагьы.

Убри аҽныҵәҟьа агоспиталь аҿы иԥсҭазаара далҵит 1938 шықәсазы ииз даҽа пациенткгьы, иара цәыббра 21 рзы ахәышәтәырҭа дҭашәеит ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра аҟазшьақәа иманы. Зымҽхак ҭбааз ахәышәтәра шизымҩаԥыргозгьы, жьҭаара 7 рзы апациент иԥсҭазаара далҵит. Иара убас иара агәыхь, ашьақәыӷәӷәара ҳаракы, агәеисреилагара иман.

Зынӡа Гәдоуҭатәи агоспиталь жьҭаара 7 рзы иҭашәеит 18-ҩык ауааԥсыра.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0