Агәабзиарахьчара аминистрра Гагра ахәышәтәырҭа COVID-19 аҟынтәи ахәшәқәа анаҭеит

© Foto / Министерство здравоохранения Республики АбхазияМинистерство здравоохранения передало Гагрской Центральной районной больнице препаратов и медизделий на сумму более 1 миллиона рублей
Министерство здравоохранения передало Гагрской Центральной районной больнице препаратов и медизделий на сумму более 1 миллиона рублей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы акоронавирустә чымазара ҿкы зцәа иаланы иаарԥшу 2257-ҩык ауааԥсыра ыҟоуп.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хада ианаҭеит COVID-19 ахәышәтәразы ахәшәқәеи амедицинатә маругақәеи, зеиԥш хәыԥсала миллион мааҭк еиҳаны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Урҭ наргеит акоронавирустә чымазара ҿкы аҿагылараза апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

© Foto / Министерство здравоохранения Республики Абхазия Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хада ианаҭеит ззеиԥш хәыԥса миллион мааҭк еиҳау COVID-19 ахәышәтәразы ахәшәқәеи амедицинатә маругақәеи.
Агәабзиарахьчара аминистрра Гагра ахәышәтәырҭа COVID-19 аҟынтәи ахәшәқәа анаҭеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа хада ианаҭеит ззеиԥш хәыԥса миллион мааҭк еиҳау COVID-19 ахәышәтәразы ахәшәқәеи амедицинатә маругақәеи.

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Ҩардан ахәышәтәырҭа дыҩналаны игәеиҭеит, ахәшьара аиҭеит уи ачымазцәа рыдкылара иахьынӡазыхиоу ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.

Аҳақьым хада Виачеслав Аргәын аминистр ихаҭыԥуаҩ иеиҳәеит Гагратәи ахәышәтәырҭа ишазнархиахьоу акоронавирустә инфекциа злоу апациентцәа рыхәышәтәразы 20 иара-ҭыԥ шдырхиахьоу.

"Уажәы ҳара ҳҿы пациентк дышьҭоуп, COVID-19 ззышьақәдырӷәӷәахьоу, даҽа хҩык ПЦР-тест иазыԥшуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аргәын.

Жьҭаара 10 рызтәи аҭагылазаашьала Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 163-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 158-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп. Зҭагылазаашьа бааԥсу апациентцәа - 21-ы, зҭагылазаашьа бжьаратәу 29-ҩык ыҟоуп.

Уаанӡа Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа адырра ҟаиҵахьан араионтә хәышәтәырҭақәагьы акоронавирус зыхьуа апациентцәа рыдкылара иашалаго иҷыдоу аҟәшақәа рҿы.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0