"Аруаа" Аԥсны аиҳабыра Путин иахь амедицинатә цхыраара иаҳәарц азы ааԥхьара ҟарҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание администрации президента.
Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ареспублика амчрақәа акоронавирус аамҭазы рхымҩаԥгашьа агәынамӡара рнаҭоит.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" даҽазныкгьы Аԥсны аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәарц  Урыстәыла Атәылахьчара амобилтә госпиталь  ареспублика аҵакыраҿы аргылараҿ ацхыраара ҟаиҵарц.

"Аруаа" рааԥхьараҿы иазгәаҭоуп "атәыла ахадеи аԥыза-министри дара ражәадгала хырҩа ахьарҭаз ҭакԥхықәрадоуп", - ҳәа.

"Ари амчыбжь аҩныҵҟа ҳтәыла анапхгара официалла Урыстәыла ахада В.В.Путин иахь агоспиталь аартразы аҳәара ҟарымҵар, ауаажәлар рнапынҵақәа реизгара ҳалагоит ажәлар рыхьӡала ацхыраара аҳәаразы. Атәыла ахадеи аԥыза-министри COVID-19 иахҟьаны аԥсыҭбарақәа рҭакԥхықәрадара иаҵанакуеит ҳәа иаҳшьоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аветерантә еиҿкаара "Аруаа"  ареспублика амчрақәа акоронавирус аамҭазы рхымҩаԥгашьа агәынамӡара рнаҭоит.

Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
Нанҳәа 1 аахыс миллионҩык инарзынаԥшуа аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысхьеит

Аҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп "ачымазцәа рхыԥхьаӡара иазҳауа ианалага анапхгара аҳәынҭқарратә ҳәаа аартрази аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы аԥкыратә уснагӡатәқәа раԥыхрази аӡбара рыдыркылеит" ҳәа. 

"Аҳәаа иахысуаз ауаа COVID-паспорт рымоу ирымаму агәаҭара аҟәыҵра адагьы, ршоура агәаҭараҵәҟьагьы иаҟәыҵит. Аҳәааҿы абжьагаратә шәарҭадаратә уснагӡатәқәа  рықәымныҟәара арежим ҩымз рышьҭахь  аҭагылазаашьа бааԥс ахь икылнагеит", - ҳәа азырыԥхьаӡоит "Аруаа".

"Аруаа" Аԥсны анапхгара рахь уаанӡа абри аҩыза ааԥхьара ҟарҵахьан цәыббра 24 рзы.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0