Аԥсны ААР ауаажәларратә транспорт аҿы асанитартә нормақәа ишрықәныҟәо иахылаԥшлоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОбщественный транспорт
Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 5 раахыс ареспубликаҿы авирус алаҵәара алмыршаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа алагалоуп. Жьҭаара 13 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵаиҩит аԥкырацҵақәа ралагаларазы.

АҞӘА, жьҭаара 14 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ауаажәларратә транспорт аҿы асанитартә нормақәа ишрықәныҟәо иахылаԥшуа иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР аофициалтә саит.

"Аамҭалатәи аҿыц ԥҟарақәа инарықәыршәаны ареисқәа рымҩаԥгараан автобусқәа, атроллеибусқәа, амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа хымԥада ахыхьчагатә хархәагақәа рымазароуп. Иара убасгьы атранспорт хархәага иҭатәоу апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара иҟоу атәарҭақәа рыбжа еиҳамзароуп", - ҳәа иҳәеит Аԥсны ААИ аусбарҭа аиҳабы Баҭал Агрба.

Ареидтә уснагӡатәқәа реиҳарак амш ашыкьымҭаз имҩаԥыргалоит. ААИ аусзуҩцәа апассаџьырцәа рзы апрофилактикатә ҿцәажәара мҩаԥыргоит, ирабжьыргоит рхы рыхьчаларц ҳәа иҳәеит Агрба.

Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа апассаџьырцәа асабрадақәа рымоу ирымаму гәарҭоит, ртәашьеи рсоциалтә дистанциеи иахәаԥшуеит.

Салоны красоты и парикмахерские возобновили работу в Москве - Sputnik Аҧсны
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкра ҿыцқәа алагалахоит

Апассаџьырцәа рымҩангаразы аамҭалатәи аԥҟарақәа ззырхоу акоронавирустә инфекциа ауаа рацәыхьчароуп. Дарбанызаалак апассаџьыр ивараҿтәи атәарҭа ҭацәызароуп.

"Аамҭалатәи аҿыц ԥҟарақәа инарықәыршәаны ареисқәа рымҩаԥгараан автобусқәа, атроллеибусқәа, амаршрут таксиқәа рныҟәцаҩцәа хымԥада ахыхьчагатә хархәагақәа – асабрадақәа, анапхаҵақәа рымазароуп, рнапқәа дырзҩыдалароуп", - иҳәеит Баҭал Агрба.

Иара убасгьы атранспорт хархәага иҭатәоу апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара иҟоу атәарҭақәа рыбжа еиҳамзароуп.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иажәақәа рыла Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ауаажәларратә транспорт аҿы асанитартә нормақәа ишрықәныҟәо иахылаԥшлоит есыҽны, ареспублика араионқәа зегьы рҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0