Адәқьан "Гәымсҭа" арҳәраан аԥхасҭа зауз иҟалаз мап ацәыркуеит

© SputnikМигалки
Мигалки  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь адәқьан "Гәымсҭа" иақәлан идырҳәит жьҭаара 5 рзы. Ацәгьоуцәа аԥара зҭаз асумкеи ахьымаҭәеи рӷьычит.

АҞӘА, жьҭаара 15 – Sputnik. Адәқьан "Гәымсҭа" ахәаахәҭратә ҭыԥ зхатәу ацәгьоура ҟалеит ҳәа арзаҳал аларҵом, мапгьы ацәыркуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР аофициалтә саит.

"Уи адагьы дара аусҭҵаара аус ацырур рҭахӡам, уи алагьы аусҭҵаара аусура иаԥырхагоуп. Аԥсны ААР азинмчратә усбарҭа абри аус аҭҵаара иаҿуп аԥырхага зауз рыда", - ҳәа аҳәоит асаит адырраҭараҿы.

Аҟәа ақалақь адәқьан "Гәымсҭа" иақәлан идырҳәит жьҭаара 5 рзы. Ԥшьҩык ацәгьоуцәа аԥара зҭаз асумкеи ахьымаҭәеи ӷьычны ибналеит. Иара убри амш азы ашьаусԥшааратә усбарҭаа усзуҩцәа ирыԥшааит ацәгьоуцәа злабналаз автомашьына Toyota Mark X.

Ацәгьоура иалахәу ахаҿқәа рыԥшаареи раанкылареи рзы имҩаԥнагеит аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа, агәызҩарра ззыҟоугьы шьақәыргылан.

Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа абри ахҭыс аганахь ала ашьаус хацнаркит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0