Урыстәылаа ҭаацәала ахәыҷқәа рыцны аԥсшьара ахьеиӷьаршьо иреиуоуп Гагра

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса абҵара 1-30 рзы анхарҭа заа аҿаҵаразы амаҵзура аекспертцәа рдыррақәа рыла, ҭаацәала ахәыҷқәа рыцны аԥсшьара еиҳа бзиа иахьырбо ақалақьқәа рсиа шьақәдыргылеит.

АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Анхарҭа заа аҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru аекспертцәа ҭаацәала ахәыҷқәа рыцны аԥсшьара еиҳа бзиа иахьырбо Амшын еиқәа иаԥну аҭыԥқәа рыӡбахә рҳәеит. Анхарҭа заа аҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru адыррала, Гагра ақалақьгьы абрахь иаҵанакуеит.

"2020 шықәса абҵарамзазы ҭаацәала аԥсшьараз иреиӷьу ҳәа иалкаахаз акурорт қалақьқәа жәаба ирыҵаркит Иалта, Севастополь, Алушта, Алупка, Мисхор, Евпаториа – Ҟрым, Шәача, Лермонтово, Геленџьик – Краснодартәи атәылаҿацә аҿы, иара убасгьы Гагра – Аԥсны", - ҳәа аанацҳауеит амаҵзура.

Асервис адыррақәа рыла, аҳәса ԥсшьараамҭаны еиҳа иалырхуеит 3-15 уахи-ҽни, убри аан уахыки-ҽнаки рзы рынхарҭазы 1-5,4 нызқь мааҭ нырхуеит. Еиҳа хәмариала аԥсшьара ҟалоит Геленџьик, еиҳа ахә цәгьаны – Иалта.

Ақалақьқәа рсиа шьақәыргылоуп 2020 шықәса абҵара 1-30 рзы уахыки-ҽнаки рзы ибжьаратәу аныхрақәа азԥхьагәаҭаны:

1. Иалта — 2 422,57 мааҭ / бжьаха-бжьымш

2. Севастополь — 2 525,06 мааҭ / хәаха-хәымш

3. Шәача — 4 515,38 мааҭ / бжьаза-бжьымш

4. Алушта — 2 364,52 мааҭ / фаха-фымш

5. Алупка — 1 650 мааҭ / фаха-фымш

6. Мисхор — 4 250 мааҭ / фаха-фымш

7. Евпаториа — 1 000 мааҭ / 15 мши ҵхи

8. Лермонтово — 5 366,67 мааҭ / хаха-хымш

9. Гагра — 1 300 мааҭ / бжьаха-бжьымш

10. Геленџьик — 2 000 мааҭ / 15 мши ҵхи

Ажәабжьқәа зегьы
0