Аԥсны Асанепидемстанциа COVID-19 атест-ҭҵаамҭақәа рхыԥхьаӡара иацнаҵеит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апандемиа аалагеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 2796-ҩык акоронавирус рыхьхьеит. Ргәы бзиахеит 1187-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 27-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Асанитар-епидемиологиатә маҵзура уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 аҭҵааразы иҟанаҵо атестқәа рхыԥхьаӡара иацнаҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Уаанӡа уахыки-ҽнаки рыла Аҟәа иҟоу абактериологиатә лабораториаҿы ҩышә раҟара атестқәа ҭырҵаауан, уажәшьҭа ԥшьышә рҟынӡа лҳәеит лара.

"Уи зыбзоуроу ҿыц иаахәаны абактериологиатә лабораториаҿы ишьақәыргылаз амаругақәа роуп. Иара убас алабораториазы аҵара здырҵаз аусзуҩцәа даҽа жәҩык аусура иахьалагаз ауп. Ари аҩыза аусура даара ицәгьоуп, иҷыдоу ашәҵатәқәа рышәҵаны акыр аамҭа ирызхгаӡом азы, рҽеиҭныԥсахланы рнапынҵақәа ҟарҵоит", - ҳәа азгәалҭеит Скорик.

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит ҽнак алы атәыла аҩнуҵҟа атестҟаҵаразы иадҵаало ауаа шырацәоу.

"Ҽнак ала 700 цыра анаҳзаарго ыҟоуп. Аха акы аауласцыԥхьаӡа, ушоура халацыԥхьаӡа атестқәа аҭара аҭахым. Раԥхьа аҳақьым уидҵааланы уҽиурбароуп, шәшоура зхалаз еилышәкаароуп, шәхаԥыц ахьшәыхьуа акәзаргьы ҟалоит, акоронавирус азы акәымкәа. Атестқәа раҭаразы ауаа абри аҟара агәаран иахьықәгылоу иашам, атестқәа раԥхьа иргыланы иззыҟаҵатәу зықәрахь инеихьоу, згәабзиара уашәшәыроу ауаа роуп", - ҳәа азгәалҭеит Лиудмила Скорик.

Гостиница Айтар  - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы идыргылоит

Атәыла асанитартә ҳақьым хада иара убас адырра ҟалҵеит абаклабораториазы асанитари адезинфектори  ишрышьҭоу.

"Изҭаху аӡәыр дыҟазар, ҳара иҳадҵаалааит, аусуразы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵоуп, ҳусзуҩцәа аҳәынҭқарра ауалафахә бзиа ашәоит - Агәабзиарахьчара аминистрра аганахьала ауалафахәы ахыхь аԥара роуеит ишәарҭоу аинфекциа иаҿагыланы аус ахьыруа азы", - ҳәа инаҵылшьит лара.

Апандемиа аалагеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 2796-ҩык акоронавирус рыхьхьеит. Ргәы бзиахеит 1187-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 27-ҩык.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0