Аԥсуа оператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа иконцерт мҩаԥысит Вена

© Sputnik / Томас ТхайцукСаид Гобечия
Саид Гобечия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Саид Гобечиа – Гнесинаа рыхьӡ зху Урыстәыла амузыкатә Академиа доушьҭымҭоуп, Аԥсны имҩаԥысуа амузыкатә фестиваль "Grand Opera Gala" асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟоуп.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik. Аԥсуа оператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа исолотә концерт Вена ишымҩаԥысыз атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит артист ихаҭа.

"Сара акыр ҵуан Вена аконцерт мҩаԥызгар сҭахижьҭеи, аха уажәоуп ианалыршаха. Абри аамҭа уадаҩ азы ауаа рацәаны иахьнеиз даара сгәы шьҭнахит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аконцерт еиҿкаан ауарӷанарҳәаҩ Татиана Шьерба лаԥшьгарала.

"Татиана Аԥшьа Пиотр иуахәамаҿ уарӷанарҳәаҩыс дыҟоуп. Асеиԥш иҟоу аконцертқәа Ауахәама ауарӷанарҳәаҩцәа реилазаара еиҿнакаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Гобечиа.

Саид Гобечия - Sputnik Аҧсны
Аоператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа иконцерт мҩаԥгахоит Вена

Ашәаҳәаҩ инаигӡеит Бах, Гендель, Шуберт уҳәа аромантизм аепоха иатәу акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа.

Саид Гобечиа ари аконцерт Аԥсны 2020 шықәса аԥхынразы Пицунда идирбахьан.

Артист ишиҳәо ала, арҭ аконцертқәа рышьҭахь Моцарт иопера "Фигаро ичара" аҟынтә Аграф ироль аҵара далагоит. Ари ароль ахь Гобечиа ааԥхьара ирҭеит венатәи атеатр Ан дер Вин аҟынтә. Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥысуеит абҵара 22 рзы.

Саид Гобечиа – Гнесинаа рыхьӡ зху Урыстәыла амузыкатә Академиа доушьҭымҭоуп, Венатәи аконсерваториаҿ аҵара иҵоит. Аԥсны имҩаԥысуа амузыкатә фестиваль "Grand Opera Gala" асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0