Аԥсныҟа иааз амобилтә госпиталь 150-ҩык апациентцәа рҟынӡа иаднакылар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВ гостинице «Айтар» приступили к организации мобильного госпиталя
В гостинице «Айтар» приступили к организации мобильного госпиталя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы иргылахоит.

АҞӘА, жьҭаара 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь, иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит иҳәеит хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аиҳабы Абдул Магомедов.

Иара иажәақәа рыла, ачымазцәа шьҭаҵахоит асасааирҭа "Аиҭар" ахԥатәи акорпус аномерқәа рҿы, амшьамбаҭарчқәа рҿы адкыларҭатә пункт, алабораториа, арентген-кабинет ҟалоит.

"Амобилтә госпиталь еиҿкаауп ҳаамҭа иақәшәо ахархәагақәа рыла. Амедицинатә еилазаара азырхиоуп иахәҭоу аусурақәа рымҩаԥгара", - иҳәоит Магомедов.

Астационар аҟәша хазы-хаз иҟоу аблокқәа рыла ишоуп. Аҿкчымазаратә корпус аҿы 50 пациент рыдыркылар алшоит. Иара убри аҟара атерапиа аҟәшаҿы. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ишиҳәаз ала, 12 иара-ҭыԥ ареанимациа иаҭахоит, 25 иара-ҭыԥ рҿы арԥҳақәа аҳауарҭарсга аппаратқәа ықәгылоуп.

Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит Гәдоуҭатәи агоспиталь ишҭоу 176-ҩык апациентцәа, 23-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Амобилтә госпиталь ахь ирыдыркыло ачымазцәа рмаршрутизациа аус адырулоит.

Урыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа антиковидтә мобилтә госпиталь аргылара иалагеит

"Ацхыраара лас аҟынтәи иаарго ракәхоит арахь иааргало. Ишьақәыргылахоит аҭакзыԥхықәу ахаҿқәа, аҭелқәа. Ҳара ҳзы амобилтә госпиталь – цхыраагӡа дууп", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Амобилтә госпиталь аҿы аус рулоит 99-ҩык аҟазауаа. Магомедов иажәақәа рыла, агоспиталь апациентцәа аднакылалоит иахьынӡаҭаххо.

Агоспиталь аусура хацнаркуеит жьҭаара 19 асааҭ 16:00 рзы.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсныҟа амҩа иқәлеит жьҭаара 17 рзы.

Владимир Ануа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ануа амобилтә госпиталь Аԥсныҟа аашьҭразы: иҟаҳҵаз аҳәара иаразнак ахаҵгылара аиуит

Амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь аруаа аштаттә техника ала Ставропольтәи атәылаҿацә Будионновск ақалақь аҟынтәи Аԥснынӡа иааит 800 километра ирхысны. Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 113-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи. Иара мҩаԥыргон Аладатәи аокруг арратә автоинспекциа аекипажқәа.

Агоспиталь амедицинатә персонал асасааирҭа "Аиҭар" иҩнаҵахоит. Ара агоспиталь аҳақьымцәа авирус зыдбалоу апациентцәа рыхәышәтәра нап аларкуеит.

Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан Аԥсны атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз аҳәара ашьҭахь, акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿ ацхырааразы. Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылахоит арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0