Аԥсныҟа ашықәсҿыцазтәи атурқәа рыхәԥса шьақәыргылоуп

© Foto / Даут ЛогуаОзеро Рица зимой
Озеро Рица зимой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекспертцәа ргәаанагарала, сынтәатәи аӡынразы Аԥсныҟа аара зҭаху рацәаҩхоит. Атуризм аџьармыкьа алахәылацәа гәыӷуеит Аԥсны аинфраструктура аӡын атуристцәа рыдкылара алшап ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аҭирахь инагоуп 2021-тәи ашықәсҿыцазтәи атурқәа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа.

Ахырхарҭа ихьшәаны ишаартызгьы, нанҳәа 1 инаркны Аԥсныҟатәи атурқәа ирласны рҽышьақәдырӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит аресурс. Атуроператор "Интурист" адыррақәа рыла нанҳәазтәи аҭирақәа ииасыз ашықәс нанҳәамзатәиқәа ирышьашәалан.

Аԥсны урыстәылаа реиҳа иргәаԥхо аҭыԥқәа ирыҵанакит>>

Урыстәылатәи атуроператорцәа макьаназы рацәак иалацәажәом аӡынаамҭазтәи атурқәа рҭагылазаашьа, уи аепидемиологиатә ҭагылазаашьа зеиԥшрахо иадҳәаланы.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Урыстәылаа ҭаацәала ахәыҷқәа рыцны аԥсшьара ахьеиӷьаршьо иреиуоуп Гагра

"Уажәазы аҭирақәа абҵарамза анҵәамҭанӡа имҩаԥысуеит. Аӡынтәи аамҭа зхьырԥшхо абри аамҭазы егьырҭ ахырхарҭақәа рзы аԥкратә уснагӡатәқәа шыҟало ауп", - рҳәоит амаҵзураҿы.

Атуроператор TUI Россия аекспертцәа иазырыԥхьаӡоит аӡынразы Аԥсныҟа атурқәа рхыԥхьаӡара духоит, Шәача ақалақь аԥсшьарҭақәа ахьыҭәуа инамаданы ҳәа. Атуризм аџьармыкьа алахәылацәа гәыӷуеит Аԥсны аинфраструктура аӡын атуристцәа рыдкылара алнаршап ҳәа.

"Гагра, Афон ҿыц, Аҟәа аԥсшьарҭа ҭыԥ ҿыцқәа аартуп. Урҭ ашықәсҿыцазтәи аамҭазы ихәарҭахоит", - ҳәа рҳәоит "Дельфин" аҿы. АЛЕАН аекспертцәа ишырҳәо ала, аӡынразы агәыларатә Шәача аҟынтәи мышкы-ҩымштәи аҭаарақәа рацәахоит.

  • "Дельфин": аотельқәа акрыфара зҵазымкуа (8 мши /7 ҵхи) – ҩыџьа рзы 7800 мааҭ (амҩа аламҵакәа). Шьыжьхьа зҵазкуа - 15000 ҩыџьа рзы. Мышкы хынтә акрыфара зҵазкуа – 25800 ҩыџьа рзы.
  • TUI Россия: апакеттә тур 30.12.2020 инаркны фаха рзы акрыфара ацҵаны – 24 600 мааҭ ҩыџьа рзы.
  • "Интурист": мчыбжьыктәи атур Москвантәи ҳаирпланла аареи Гагра асасааирҭа аҩнаҵареи крыфарада идыртәоит 11 652 мааҭ ҩыџьа рзы.
  • Амилаҭтә туроператор АЛЕАН: мчыбжьыктәи атур (амҩа аламҵакәа) 20 000 мааҭ итәоит. Иацҵаны ахәԥса ахшәаатәхоит аныҳәатә банкет (6000 мааҭ) .
  • "Мультитур": Аԥсныҟа Ашықәс ҿыц азы (3 мши /2-ахеи) 12 600 ҩыџьа рзы, мышк хынтәтәи акрыфара алаҵаны.
  • ANEXTour: ҳаирпланла аара алаҵаны атур ҩыџьа ирызтәоит 38 000 мааҭ.

Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа аинформациала, ҭагалан Аԥсны атуробиектқәа 90% рыла иҭәын, убри аан Гагреи Пицундеи цәыббрамзазы аотельқәа рҿы stop sale (атурқәа рыҭира аанкылан) ыҟан.

Урыстәылатәи аекспертцәа рыхәшьарала, ҭагалан Аԥсныҟа атурқәа рхыԥхьаӡара 50% ишьҭыҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0