Гагра араион ахәҭак ахаша, жьҭаара 21 рзы лашарада иаанхоит

© Sputnik / Марианна КубраваЛЭП
ЛЭП - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афымцалашара арцәара мҩаԥысуеит авольтҳарак ҳақәа рҟны аремонт-профилактикатә усурақәа ахьымҩаԥырго иахҟьаны.

АҞӘА, жьҭаара 20 - Sputnik. Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵоит ахаша, жьҭаара 21 асааҭ 11.30 - 17.00 рзы Гагра араион мраҭашәаратәи ахәҭа фымцалашарада ишаанхо азы.

"ВЛ 110 кВ "Холодная речка", Цандрыԥшь рремонҟаҵара инадҳәаланы, ПС Гьачрыԥшьи ПС Цандрыԥшь-ахагеи русура аанкылахоит", – аҳәоит АУН Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" иара убасгьы адырра ҟанаҵоит Гал араион аҿы асааҭ 11.00 - 16.00 рзы ишырцәахо ПС "Переброска" аремонт–профилактикатә усурақәа ирхырҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0