Аԥсны акоронавирус зыдбалоу рхыԥхьаӡара х-нызқьҩык иреиҳахеит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЦентр тестирования на коронавирус в Санкт-Петербурге
Центр тестирования на коронавирус в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3036-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1267-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 31-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 20- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рцәа иалоу иаламу аилкааразы атестқәа 403-ҩык ирзыҟаҵан, урҭ рахьтә 133-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

В гостинице «Айтар» приступили к организации мобильного госпиталя - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа иааз амобилтә госпиталь 150-ҩык апациентцәа рҟынӡа иаднакылар алшоит

Аоперштаб иара убас иаанацҳауеит жьҭаара 19 рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы иԥсҭазаара дшалҵыз 1942 шықәсазы ииз акоронавирус адиагноз ззышьақәырӷәӷәаз апациент, иара аҿкчымазаратә ҟәша дҭашәеит жьҭаара 10 рзы ҩганктәи агәыҵәкра иманы. Иара идунеи иԥсахит, иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы.

Иара убас жьҭаара 4 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит акоронавирус зцәа иалаз 78 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара ҩганктәи агәыҵәкра иман. Ахәышәтәырҭа данҭашәаз инаркны изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, ахаҵа иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 20 рзы.

Жьҭаара 19 рзы иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 13 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь инанагаз COVID-19 зцәа иалаз 88 шықәса зхыҵуаз апациент. Иара иаҭахыз ахәышәтәра дахрыжьуан, аха жьҭаара 19 рзы ҵхагәаны иԥсҭазаара далҵит. Уи ицәа еиуеиԥшым асоматикатә чымазарақәа алан.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 150-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 119-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 31-ҩык, ибжьаратәуп - 39-ҩык, илҩаауп 33-ҩык апациентцәа. Гәдоуҭатәи агоспиталь уахыки-ҽнаки рыла иҭашәеит 13-ҩык ачымазцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0