Аԥсны АҶА Тҟәарчали Аҟәеи ахыбрақәа рырзҩыдара мҩаԥыргеит

© Foto / МЧС РАДезинфекцию ряда государственных учреждений республики провели сотрудники МЧС Абхазии
Дезинфекцию ряда государственных учреждений республики провели сотрудники МЧС Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыдбалоу рхыԥхьаӡара х-нызқь ирзааигәахеит. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 31-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 21 - Sputnik. Аԥсны АҶА Тҟәарчали Аҟәеи аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рхыбрақәа рырзҩыдара мҩаԥыргеит аҩаша, жьҭаара 20 рзы ҳәа аанацҳауеит аминистрра Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

"Арзҩыдара мҩаԥган Тҟәарчал араионтә прокуратуреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи рхыбрақәа рҿы, Аҟәа – аҳҭнықалақьтә банк аҿы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны АҶА аккаунт аҿы иазгәаҭоуп COVID-19 аламырҵәаразы ареспублика атәылауааи асасцәеи асабардақәа ныҟәыргалар шакәу, рнапқәа лассы-лассы ирыӡәӡәалар шакәу, ауадақәа аҳауа рыҩнарсреи ирлас-ырласны рыӡәӡәареи шаҭаху.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0