Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿ ирыцхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Башкириатәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аординаторцәеи, аҳақьым-стажиорцәеи хымчыбжь инареиҳаны акоронавирус ахәышәтәразы Аԥснытәи аҳақьымцәа ирыцхраауан. Уажәы Башкириатәи аҳақьымцәа рцынхәрас Аԥсныҟа иааит Калининградтәи аобласти Москвеи рҟынтәи агәыԥ.

АҞӘА, жьҭаара 22 – Sputnik. Гәдоуҭатәи аковид-центр аҿы русура иалагеит Калининградтәи аобласти Москвеи рҟынтәи иааз, 12-ҩык рыла ишьақәгылоу аҳақьымцәа ргәыԥ.

Дара Куватов ихьӡ зху Башкириатәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аординаторцәеи, аҳақьым-стажиорцәеи рыԥсахит. Абригада ҿыц шьақәгылоуп ааҩык аҳақьымцәеи ԥшьҩык амедеиҳәшьцәеи рыла.

Прилет россиян из Нью-Йорка в Москву - Sputnik Аҧсны
Башкириатәи аҳақьымцәа гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны русура ашьҭахь аҩныҟа игьыжьит

Евдокимов ихьӡ зху  Московатәи аҳәынҭқарратә медико-стоматологиатә университет аҟынтәи аҳақьым анестезиолог-ареаниматолог  Андреи Пудов агоспиталь аҿы еиҳа зҭагылазаашьа хьанҭоу ачымазцәа ацхыраара риҭоит.

Иара иажәақәа рыла Гәдоуҭатәи ковид-центр аҿы аусура профессионалла ишьақәыргылоуп.

"Ахәшәқәа рганахь ала зегь рыла еиқәшәоуп. Зҭагылазаашьа уадаҩу апациентцәа рацәаҩуп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит",- азгәеиҭеит Пудов.

Аҳақьым-реаниматолог иазгәеиҭеит ада ԥсыхәа аныҟам ада ИВЛ аӡәгьы ишидгалам.

"Ауаҩы ицәеижь алшарақәа аԥыжәара раҳҭоит. Иԥсабаратәымкәа арыԥҳақәа аҳауа рҭарсра ада ԥсыхәа анамам ауп ианиадаагало. Иҟоуп апациентцәа  ИВЛ ашьҭахь рхала рыԥсыԥ алагаҩагара иуадаҩымкәа ианазыхынҳәуагьы", - иҳәоит Пудов.

Агоспиталь аҿы ачымазцәа иахәҭаны иҟоу зегьы рзыҟарҵоит.

Аҳақьым ишиҳәо ала Урыстәылеи Аԥсни рҟны ахәышәтәратә схема еиԥшуп. Аха убри аан зегьы инеибеиԥшны акны рыхәышәәтра ҟалом. Дасу изнеишьа ыҟазароуп.

"Досу ихатә ҷыдара имоуп. Уи иазхьаԥштәуп. Ихаҭалатәу асхемақәа удукылароуп. Аха иҟоуп иаку аформақәагьы – зегьы еицырзеиԥшу ахәшәқәа. Урҭгьы ахархәара хымԥада ирыҭоуп", - иҳәоит иара.

Андреи Пудов иҳәеит авирус уаҩ деилнахуам ҳәа, аха убри аан зықәра ыҟоу еиҳа ишәарҭоу аҭагылазаашьа рымоуп.

Абригада Аԥсны хымз иҟазаауеит. Пудов иҳәеит иаҭахны иҟалар аҽазныкгьы ишаауа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0