Аекономика аминистрра аелектронтә маҵзурақәа рымҩаԥгарахь аиасра агәҭакуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание кабинета министров
Здание кабинета министров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрраҿы жьҭаара 21 рзы имҩаԥган аминистр Кристина Озганԥҳа лхантәаҩрала аусутә еилацәажәара аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рцифраркра азҵааразы.

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аԥсны аелектронтә маҵзурақәа рымҩаԥгаразы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵоуп, абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистрра апресс-маҵзура.

Аелектронтә программа аус адулара - Sputnik Аҧсны
Апрограмма "Аелектронтә еиҳабыра" аус адырулоит

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрраҿы жьҭаара 21 рзы имҩаԥган аминистр Кристина Озганԥҳа лхантәаҩрала аусутә еилацәажәара аҳәынҭқарратә маҵзурақәа аелектронтә усурахь рыиасразы. Ирылацәажәан амаҵзураҭара аусхк аҿы ареформақәа рымҩаԥгара.

Атәыла аиҳабыра ари азҵаар аԥыжәара зҭатәу акәны иахәаԥшуеит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы, аҳәынҭмаҵзурақәа рыҟаҵара ацифраркра аҳәынҭнапхгараҭара еиҳа хра анаҭоит, ауааԥсырагьы ирзыманшәалахоит. Атехнологиа ҿыцқәа еиҳа идырмариоит атәылауааи амчратә усбарҭақәеи реимадара: ауаа агәаранқәа рықәгылара рықәшәом, амаҵзурауаа рыграфик аҽақәыршәара аҭаххом. Уи адагьы ари аус акоррупциа еиҵазҟьо акакәны иахәаԥшуеит Аекономика аминистрраҿы.

"Амаҵзурақәа рцифраркра асоциалтәи аекономикатәи ҵак рымоуп. Абизнес акәзаргьы хра аманы иазыҟоуп. Иармариоит абиурократиатәи административтәи ԥынгылақәа, ауааԥсыра ирҭаху адокументациа аиураҿы", - лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа.

Озганԥҳа илҳәеит ареформа аларҵәаразы аиҳарак аҭакԥхықәра зздыло Аекономика аминистрреи аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә рҿиареи рзы Аҳәынҭеилаки шракәхо.

Аекономика аминистрра аԥшьгамҭа -  ареформа актәи аетап анагӡаразы  аԥаразоужьра Аԥсны асоциал-екномикатә ҿиара аинвестициатә программа аҟынтәи аиура иадгылеит урыстәылатәи аган.

Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Кәарҷиа: зегьы иреиҳау - аелектронтә напхгара аԥҵароуп

Аилацәажәара иалахәын: Аԥсны Аҳәынҭқарра аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә рҿиареи рзы Аҳәынҭеилаки рхантәаҩы Беслан Ҳалуашь, Аминистрцәа Реилазаара аппарат аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Кристиан Бжьаниа, аиҳабыратә еимадара Амаҵзура адиректор ихаҭыԥуаҩ Беслан Агрба, Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб.

Аминистрцәа Реилазаара аппарат аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Кристиан Бжьаниа иазгәеиҭеит аамҭа иҟанаҵо адҵақәа ишыруаку амаҵзураҭара ахаҭабзиара ашьҭыхра, арҭ рҩызцәа апроектқәа еиуеиԥшым атәылақәа рҿы аус руеижьҭеи акыр шыҵуа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит апроектԥхьатә усурақәа шымҩаԥысуаз атәы.

Аиԥылара алахәылацәа еицазгәарҭеит аперсоналтә дыррақәа ахархәара азҵаара иахьазы аҵак ду шамоу, ишхымԥадатәиу урҭ рыхьчара азыԥхьагәаҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0