Аԥсны ахада аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны иазгәарҭахьеит 3172 коронавирус хҭыс. Ргәы бзиахеит 1278-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 32-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 22 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жьҭаара 22 рзы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны акоронавирус аизҳара атенденциа шышьҭнахыз, убри аан згәы бзиахо рхыԥхьаӡарагьы аизҳара амоуп.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи арратә госпиталь раԥхьатәи апациентцәа аднакылеит

"Ари алыршахеит ззаанаҭ ԥсҭазаараны изшьо амедицинатә усзуҩцәа рыбзоурала", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа далацәажәеит Аԥсны иҟанаҵаз аҳәарала Урыстәылантәи иаашьҭу хырхарҭарацәалатә амобилтә госпиталь аусура. Бжьаниа Аԥсны ажәлар рыхьӡала Урыстәыла ахада Владимир Путини атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигуи ауаа реиқәырхаразы иҟарҵаз ацхыраараз.

Атәылаҿ иалагалоу аԥкыратә уснагӡатәқәа рганахь ала иазгәеиҭеит ауаа акоронавирустә инфекциа рацәыхьчара – анапхгара рзы ихадароу усны ишыҟоу.

"Ҳәарада шьаҭанкыла аԥсҭазаара аиҭакра акыр иуадаҩроуп, аха иахьазы абасала мацароуп хымҩаԥгашьас иҟоу. Аҳәара зуеит иҟоу аҭагылазаашьа еилкаарыла шәазнеирц. Иҳадаҳкыло ауснагӡатәқәа зегьы ззырхо ҳтәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчароуп", - азгәеиҭеит ахада.

Ауааԥсыра рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит ԥсыхәа шамоу ала рхы рыхьчаларц, аԥҟаррақәа ирықәныҟәаларц.

Бжьаниа инарҭбааны дазааҭгылеит атәыла агәабзиарахьчареи амедицинеи ирымоу апроблемақәа, ауааԥсырагьы агәра дырго иҳәеит атәыла анапхгара шьаҿа-шьаҿала урҭ ирыдҳәало азҵаарақәа зегьы шырыӡбо азы. Иара иҳәеит апандемиа ааҟалазар, атәыла аиҳабыра, абизнес еилазаара, Москвеи Ҭырқәтәылеи инхо аԥсуа диаспора, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа 250 миллион мааҭ рҟынӡа шнырххьо.

Аҳәынҭқарра иалнаршеит авирусологиатә лабораториа аштаттә ак ацҵара, ахыркәшарахь инеиуеит ковид-госпиталь ареанимациатә палатақәа рахь аҵәыҵәри ишиашоу анашьҭррраз аусурақәа, хара имгакәа иаахәахоит апортативтә рентген–аппаратқәа хԥа, ареанимобильқәа, ИВЛ аппаратқәа, ПЦР- лабораториаз ахархәагақәа.

Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Асанепидемстанциа COVID-19 атест-ҭҵаамҭақәа рхыԥхьаӡара иацнаҵеит

Ахада далацәажәеит араионтә хәыәштәырҭақәа  реиқәыршәара шымҩаԥысуа: Галтәи ахәышәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа рыдкылара иазыхиоуп, Очамчыра – ҩеижәаҩык, Гагра –70 пациент. Аҟәа аҿкчымазаратә хәыәшәтырҭаҿы иаԥҵоуп 30-ҩык рышьҭаҵ аҭыԥ. Ахыркәшаратә усурақәа ирҿуп ақалақьтә хәышәтәырҭаҿ.

Бжьаниа дазааҭгылеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы урыстәылатәи аҳақьымцәа русура.

"Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә министррақәа реицәажәарала ареспубликахь инеиҭак-ааиҭакуа иаауеит амедицинатә усзуҩцәа рыбригадақәа Москва, Башкортастан, Нижегородтәии Калининградтәии аобластқәа рҟынтәи ацхыраара аҟаҵаразы", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа ажәлар рахь иааԥхьара хыркәшо аҽазныкгьы аҳәара ҟаиҵеит, аҟазауаа рабжьгарақәа ирықәныҟәаларц, аҭакԥхықәра аадырԥшырц авирус аларҵәара алмыршаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0