Sputnik амчыбжь: амобилтә госпиталь, асезонтә ҽаҩра, ишәарҭоу ацәгьауҩы

© Sputnik / Томас ТхайцукВ гостинице «Айтар» приступили к организации мобильного госпиталя
В гостинице «Айтар» приступили к организации мобильного госпиталя  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амобилтә госпиталь аара, Агәабзиарахьчара аминистрра ауснагӡатә ҿыцқәа, ақыҭанхамҩа ажәабжьқәа, ахада иааԥхьара –аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны амчыбжьтәи ажәабжьқәа.

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны авирус аламырҵәаразы Урыстәылантәи ацхыраара аашьҭын, ареспубликаҿы ирыдкылан ауснагӡатә ҿыцқәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ашьақәыртәаразы. Апандемиа аамҭазы Аԥсны аҽаҩра уаргәырӷьартә иҟоуп, ирманшәалоуп уи Урыстәылаҟа аекспорт ашьҭра.

Акоронавирус иаҿагыло амобилтә цхыраара

Ииасыз амчыбжь азы иналукаашаз ажәабжьын Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ амобилтә госпиталь Аԥсныҟа аара.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ амобилтә хырхарҭарацәалатә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи Аԥсныҟа иааит. Амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵан жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы иргылоуп.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
Амобилтә госпиталь аҿы ПЦР-диагностика мҩаԥыргалоит

Ачымазцәа шьҭаҵахоит асасааирҭа ахԥатәи акорпус аҿы ҟәша-ҟәшала еихшаны. 100 иара-ҭыԥк еиҿкаахоит. Аха иахәҭаны иҟалар 150 пациент рыдыркылоит.

Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Аԥхьатәи апациентцәа агоспиталь иаднакылеит жьҭаара 20 рзы. Ачымазцәа арахь иааргоит Ацхыраара ласы ала. Адкыларҭаҿы урҭ агәаҭара иахрыжьуеит, ршьа иалоу аҵәыҵәри гәарҭоит, ршоура ршәоит, ахаҭалатә карточка еиҿыркаауеит.

Уи адагьы ақалақь анапхгареи агоспиталь анапхгареи реиқәшаҳаҭрала иӡбоуп ақалақьтә лабораториа ацхыраара аҭаразы ПЦР-диагностика уа иҟарҵаларц. Есыҽны шәкы рҟынӡа ПЦР-диагностика аҟаҵара ауеит. ПЦР-диагностика аҭакқәа роура алшоит 40 минуҭ рыҩныҵҟа.

Аҟәа, аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы еиҳа аамҭа иақәшәо амобилтә лабораториа аусура ишалаго атәы ҳәан ақалақь ахадеи амедицинатә усҳәарҭақәа рхадацәеи реиԥылараан.

Алабораториа ада ԥсыхәа аҟамзаара адҳәалоуп ахәышәтәырҭаҿы ачымазцәа рыдкылара алагара.

Аслан Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа ацхыраара лас аусуразы: уахыки-ҽнаки 70-нтә ианаҳзасуа ыҟоуп

Аҟәа асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илҳәеит ачымазцәа рырацәахара инадҳәаланы анализқәа аҩны ргаразы агәыԥ шеиҿкаахо атәы. Иахьазы, ԥсшьарада ҩ-гәыԥк аус руеит.

Жьҭаара 22 рзы Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿы COVID-19 рылоуп ҳәа агәҩара ззыҟоу ма изыхьуа ахәыҷқәа рзы акабинет аадыртит. Акабинет аполиклиника ахыбраҿы иҟоуп, аха аҩналарҭа хазуп. Ахәыҷқәа рыдкылара мҩаԥыргоит аҳақьыми амедиаҳәшьеи.

Уажәшьҭарнахыс Москватәи адиаспора Гәдоуҭатәи агоспиталь аусзуҩцәа аԥарацҵа рзыршәалоит. Адиаспора ирыӡбеит аҿкчымазара змоу рҟны аус зуа аԥарацҵа роуларц.

"Ацәаҳәа ҟаԥшь" аҿы аус зуа амедусзуҩцәа уажәшьҭарнахыс аԥарацҵа роулоит" ҳәа арадио Sputnik иазеиҭаҳәеит адиаспора рнапхгара алахәыла Инна Барчанԥҳа.

Жьҭаара 1 аахыс аԥарацҵа иартәахьеит миллионки 900 нызқьмааҭ.

Ақәылаҩ "Аԥсныҟа"

Амчыбжь азы реиҳа излацәажәақәоз иреиуахеит ЖӘыргьыҭ ақалақь аҿы абанк ақәлара.

КПП Ингур - Sputnik Аҧсны
Жәыргьыҭ абанк иақәлаз ахаҵа ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа дахымсӡеит

Абџьар зыҟәныз ахаҵа Жәыргьыҭ абанк аҟны жьҭаара 21 рзы шьыбжьон 40-ҩык иреиҳаны ауаа шасыс игеит, иара миллионбжак доллар ирҭарц адҵа ҟаиҵеит.

Сааҭла имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, асааҭ 22:00 рзеиԥш, хҩык ашасцәа рышьҭахь иҽыҵәахны, ахыбра дыҩныҵит.

АИХқәа рдыррақәа рыла, иара хҩык атҟәацәа иманы Аԥсны аганахь ддәықәлеит.

Убри аан Жәыргьыҭ абанк иақәлаз ахаҵа Егры аӡиас ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа дахымсӡеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Рустам Латипов.

Аҽаҩра беиа

Сынтәа иҟоу аамҭа уадаҩ аан Аԥсны аҽаҩра беиа ҟалеит.

Амандарина, ахәырма, афеихо, араса рекспорт 2020 шықәса цәыббрамзази жьҭаарамзази 2019 шықәса, иара абри аамҭазтәи арбагақәа ирхысит, абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба.

Продажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аминистрра: Урыстәылаҟа ацитрустә шәырқәа рекспорт ахәԥса еиҵатәуп

Иара иажәақәа рыла 2019 шықәса цәыббра-жьҭаара амзақәа рзы атәыла иалган 200 кьыла ахәырма, сынтәа –тоннак, афеихо: 42,9 тонна– 65,9 тонна. Арбагақәа еиӷьхеит амандарина аганахь алагьы. Иахьазы Аԥсны иалгоуп 269 тонна.

Иара убас арбагақәа ҳаракуп араса. 2020 шықәсазтәи арбагақәа: 387,6 тонна; 2019 шықәсазтәи арбагақәа: 169 тонна.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аекспорт ирго ацитрустә шәырқәа рыхәԥса еиҵатәуп ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.

Уаанӡа Аслан Бжьаниа аекономикеи ақыҭанхамҩеи рминистрцәа адҵа риҭеит ацитрусқәа Аԥсны анҭыҵҟа рекспорт ахәԥса аларҟәразы ауснагӡатәқәа рыдыркыларц азы.

"Ҳара иҳаӡбеит ҳброкертә конторақәа арҭ аидарақәа имҩаныргаларц. Ацитрусқәа рекспорт азы уаанӡа 10 мааҭк шәатәызар, уажәшьҭарнахыс быжьмааҭк рҿы ишьақәыргылоуп", - иҳәеит Џьапуа.

Иахьазы ацитрусқәа рекспорт 2 839 кьыла ыҟоуп. Ҵыԥх уажәааны 570 кьыла ракәын иахгаз ҳәа иҳәоит аминистр.

Ахгәаҭара аҭакԥхықәра амазааразы ааԥхьара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жьҭаара 22 рзы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Атәылаҿ иалагалоу аԥкыратә уснагӡатәқәа рганахь ала иазгәеиҭеит ауаа акоронавирустә инфекциа рацәыхьчара – анапхгара рзы ихадароу усны ишыҟоу.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

"Ҳәарада шьаҭанкыла аԥсҭазаара аиҭакра акыр иуадаҩроуп, аха иахьазы абасала мацароуп хымҩаԥгашьас иҟоу. Аҳәара зуеит иҟоу аҭагылазаашьа еилкаарыла шәазнеирц. Иҳадаҳкыло ауснагӡатәқәа зегьы ззырхо ҳтәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчароуп", - азгәеиҭеит ахада.

Ауааԥсыра рахьгьы ааԥхьара ҟаиҵеит ԥсыхәа шамоу ала рхы рыхьчаларц, аԥҟаррақәа ирықәныҟәаларц.

Бжьаниа инарҭбааны дазааҭгылеит атәыла агәабзиарахьчареи амедицинеи ирымоу апроблемақәа, ауааԥсырагьы агәра дырго иҳәеит атәыла анапхгара шьаҿа-шьаҿала урҭ ирыдҳәало азҵаарақәа зегьы шырыӡбо азы. Иара иҳәеит апандемиа ааҟалазар, атәыла аиҳабыра, абизнес еилазаара, Москвеи Ҭырқәтәылеи инхо аԥсуа диаспора, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа 250 миллион мааҭ рҟынӡа шнырххьо.

Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа иакәзар Аԥсны анҭыҵ аус зуа аҳақьымцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны ацхыраара ҟарҵарц азы.

"Урыстәыла Аԥсны ишацхраауагьы амедицинатә персонал рзымхара ыҟоуп. Раԥхьа иргыланы азымхара ыҟоуп Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿи егьырҭ аҟәшақәа ахьаарту ахәышәәтырҭақәеи рҿи", - иҳәеит иара.

Аминистр иазгәеиҭеит ареспубликаҿ ишазымхо ареаниматологцәа, апульмонологцәа, атерапевтцәа, аинфекционистцәа, аепидемиологцәа уҳәа COVID-19 иаҿагылан аус зухьо.

Аепидемиа иалагеижьҭеи жьҭаара 25 рзы Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3739-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 35-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0