Аџьықәреи аарыхразы Гәдоуҭа араион хәышықәсатәи арекорд иаԥгоуп

Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҿы амхырҭақәа 1900 гектар адгьыл рыҵаркуеит.

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҩнызқь тонна рҟынӡа аџьықәреи аҭагалара азыԥхьагәарҭоит Гәдоуҭа араион аҿы 2020 шықәсазы. Ари аҵыхәтәантәи ахәышықәсазы ирекорду рбагоуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит  араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Иури Кәарцхьиа.

"2000 тонна аџьықәреи ҭаагалоит ҳәа ҳазыԥшуп. Аибашьра ҟалаанӡа аа-нызқь тонна ҭаагалалон. Аибашьра ашьҭахь –4,5 нызқь тонна рҟынӡа, аха нас имаҷхо иалагеит. Сынтәатәи аҽаҩра аҵыхәтәантәи ахәышықәса рзы ирекорду рбагоуп", - иҳәеит Кәарцхьиа.

Иара иажәақәа рыла, иахьазы 70% рҟынӡа аура ҭаргалахьеит. Уи зыхҟьаз акарантин аамҭазы ауаа еиҳарак ақыҭақәа рыҽрымаданы иҟан, уи адагьы уаҵәтәи амш шыҟалашаз ашәарақәа рыман, убри азы ирыӡбеит аӡынразы рыф-рыжә еиқәдыршәарц.

Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы иазгәеиҭеит, сынтәа аџыьқәреи аиԥш егьырҭ ақыҭанхамҩатә ҽаҩрақәа зегьы рхаҭабзиара акыр ишыҳараку. Иара игәаанагарала уи зыхҟьаз ааԥынразы аҳауа +15 °С иахьеиҳамхоз ауп. Уахынлатәи ахьшәашәара амармалташь пты аҿиара иаԥырхаган.

"Ҳәарада аҳауатә ҭагылазаашьа анырра ҟанаҵеит, уи адагьы хәышықәса рахь знык аҽаҩра аҟалара еиҳа еиҳахоит", - азгәеиҭеит иара.

Иахьазы Гәдоуҭа араион аҿы амхырҭақәа 1900 гектар адгьыл рыҵаркуеит.

Иара убас шәаԥхар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0