Изакәанымкәа аҳәаа дахьахысыз азы: Адлертәи аӡбарҭа Ахра Аҩӡба ахараԥса иқәырҵеит

CC0 / / Судейский молоток и весы Фемиды
Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 11 рзы аусӡбарҭа аилатәараҿы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба аамҭала доушьҭын аусӡбара ҟалаанӡа атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы анаҵеиҩы ашьҭахь.

АҞӘА, жьҭаара 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Адлертәи араионтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба ахараԥса ҳәа 100 000 мааҭ иқәырҵеит аурыс-аԥсуа ҳәаа изакәанымкәа дахьахысыз азы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.

Аӡбарҭа аилатәара мҩаԥган ашәахьа, жьҭаара 26 рзы. Азыӡба амчра аиуеит жәамш рыҩныҵҟа. Абри аамҭала Ахра Аҩӡба аӡбамҭа дахашшаар илшоит.

Ахра Аҩӡба Sputnik акорреспондент ишылзеиҭеиҳәаз ала аӡбамҭа ахашшаара игәы иҭам.

"Аӡбарҭа аусура хнаркәшеит, ирылшоз ҟарҵеит. Шәнызқьмааҭ ахараԥсеи атәыла алымҵразы ашәҟәынҵамҭеи ааныжьуп азыӡба амчра аиуаанӡа. Ахашшаара салагар аамҭа аҽа ҩымз-хымз иагоит. Сара Урыстәыла анҭыҵҟа сцар ауп", - иҳәеит иара.

Жьҭаара 2 рзы Шәача ақалақьтә ӡбарҭа административтә ӡбамҭа аднакылеит дагьааннакылеит жәамш ҳәа жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба.

Аҩӡба ахашшааратә шшыԥхьыӡ неишьҭит. Адлертәи араионтә ӡбарҭа ишшыԥхьыӡ инақәыршәаны административтә ҭакра жәамш рҟынтәи жәымшы ҳәа иланарҟәит.

Рассмотрение апелляции на арест А. Кокорина и П. Мамаева - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба атәыла алҵра дақәиҭымтәкәа доурышьҭит

Ахра Аҩӡба аурыс-аԥсуа ҳәааҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ агәашәқәа имашьынала дрысны дышцаз зныз авидео асоциалтә ҳақәа рҿы нанҳәа 7 рзы ицәырҵит.

Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа нанҳәа 8 рзы Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт ала.

Ари азакәанеилагара хараԥсас иақәуп 200 нызқь мааҭ, мамзаргьы ахара зду 18 мзы рҟынӡа ирҭагӡаны иоуа иуалафахәы, мамзаргьы ҩышықәса мчыла аус ирура, ма иара убри аҿҳәарала иҭакра.

Уаанӡа Краснодартәи атәылаҿацә Аӡбарҭатә приставцәа Краснодартәи атәылаҿацәа иатәу рфедералтә маҵзура ишьақәнарӷәӷәеит Ахра Аҩӡба ауалқәа шиқәыз (Аԥсныҟа дахьаармышьҭуаз мзызс иаиуз - аред.), анаҩс иагьаарыцҳаит урҭ шишәаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0