500 тест рҟынӡа COVID азы иҭырҵаахьеит амобилтә госпиталь аҿы

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аҟәа игылоу урыстәылатәи амобилтә госпиталь иҭоуп 55 пациент Аԥсны атәылауаа.

АҞӘА, жьҭаара 28 - Sputnik. 500 тест рҟынӡа мҩаԥыргахьеит амобилтә госпиталь аҿы Аҟәа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Урыстәылатәи арратә медусзуҩцәа Аҟәа игылоу агоспиталь аҿы имҩаԥыргоит ареспублика алабараториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Мышқәак ирылагӡаны иҭҵаан 500 анализ. Аҭакқәа алабараториахь иргьыжьны ирышьҭуеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иахьазы Аҟәа игылоу Аладатәи арратә округ амобилтә госпиталь иҭоуп 54 пациент Аԥсны атәылауаа. Ауаа рыдыркылоит уахи-ҽни ҳәа еилымхӡакәа.
Апациентцәа зегьы Аԥсны иатәылауаауп. Дара ацхыраара ласы амашьынақәа рыла инаргоит араионқәа рҟынтә. Ауаҩы ишьҭаҵаразы аӡбра еицрыдыркылоит аучасткатә ҳақьымцәеи дареи реилацәажәарала.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус 113-ҩык ирыдырбалеит Аԥсны

"Уажәазы арратә медусзуҩцәа ахархәаразы ирымоуп ҳаамҭа иақәшәо ахархәагақәа – арыԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭарсраз 28 аппарат, урҭ рҟынтәи ԥшьба реиҭагара ҟалоит, 24 стационартәуп. Ареанимациатә ҟәшаҿы ахархәара рыҭоуп 4 аппаратк ИВЛ. Иазыхианы иҟоуп аҵәыҵәри абаллонқәа", - еиҭеиҳәоит агоспиталь аҳақьым-анестезиолог-ареаниматолог Иарослав Кузин.

Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализ ҟаҵагақәа.

Ари агоспиталь 100 иара-ҭыԥк амоуп, аха иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0