Риҵатәи апарк сынтәа ҩынтәны еиҳаны атуристцәа аҭааит ҵыԥх аасҭа

© Sputnik / Томас Тхайцук Участники двухдневной Международной конференции "10 лет признания: итоги и перспективы" на даче Сталина на озере Рица
 Участники двухдневной Международной конференции 10 лет признания: итоги и перспективы на даче Сталина на озере Рица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
600 нызқьҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит нанҳәа 1 аахыс, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа анаадырт ашьҭахь.

АҞӘА, жьҭаара 28- Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Риҵатәи амилаҭтә парк 2020 шықәса нанҳәа-жьҭаара амзақәа рзы ҩынтә еиҳаны атуристцәа аҭааит 2019 шықәса иара абри аамҭа азы аасҭа, абри атәы иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿ.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
600 нызқьҩык атуристцәа Аԥсны иаҭааит нанҳәа 1 аахыс

"2020 шықәсазы Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 283 598-ҩык, 2019 шықәсазы - 175 657-ҩык", - иҳәеит  Хышба.

Риҵатәи апарк хымз рыла иарҳаит 95 миллион 826 нызқь 800 мааҭ, 2019 шықәсазы – 57 миллион 779 нызқь 200 мааҭ. 

Убри аан иахьанӡагьы апарк аԥсшьаҩцәа аҭауеит иҳәеит Хышба.

Иара убасгьы далацәажәеит Афон Ҿыц аҳаԥы аҭаашьа шыҟоу. 2019 шықәсазы атуристтә обиект иаҭааии 128 541-ҩык, сынтәа - 116 256-ҩык.

Атуристтә обиектқәа рҭаара арбагақәа еиԥшым, избанзар Урыстәыла апутиовкақәа зҭиуа Риҵатәи апарк хымԥада аҭаара адырбоит, Афон Ҿыц аҳаԥы – мап, иҳәеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0