Гагра араион Ахадара COVID-19 аҩны изхызго хылаԥшра рырҭоит

© Sputnik / Саида ЖибаАдминистрация Гагры
Администрация Гагры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
COVID-19 адиагноз ззышьақәыргылоу Гагра араион ауааԥсыра 200-ҩык ыҟоуп, ахәышәтәырҭа иҭоуп 17-ҩык.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Апандемиа аналага нахыс, Гагра араион Ахадареи ахәшәтәырҭеи аимадара рыбжьан. Ачымазара аҽанарҭбаа, араион анапхгара ачымазара ҿкы ззышьақәырӷәӷәаны аҩны зҽызхәышәтәуа хылаԥшра ҷыда рырҭо иалагеит.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 змоу апациентцәа рзы 450 ҭыԥ рхиоуп Аԥсны

Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь ицхырааҩ Баҭал Берзениа напынҵас имоуп есыҽны араионтә хәышәтәырҭа аҟынтәи ирзаарышьҭуа, ачымазара ззышьақәгылоу рсиақәа рыла, аҩны атерапиа иахысуа аҭел дасны ргәабзиара азҵаара, анаҩс ирыгыу ахәшәқәеи, афатәи, ажәтәи рыла реиқәыршәара.

"Апандемиа аналага, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа анаркха, усҟан Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс иҟаз Иури Хагәышь ахатәгәаԥхаратә-аволонтиортә еиҿкаара аԥҵаны, зфинанстә ҭагылазаашьа кәадаз Гагра араион ауааԥсыра дрыцхраауан. Гагра араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа рынагӡара даналагагьы ари аус нимыжьит. Иахьа, ҳраион аҿы COVID-19 адиагноз ззықәыргылоу, ахәшәтәырҭа адыррақәа рыла рхыԥхьаӡара 200-ҩык ыҟоуп. Есыҽны хаҭала асиала аҭел сырзасны ирыгыу ыҟазар ирықәсыршәоит. Ф-ҭаацәарак араион Ахадара фатәыла ирыцхрааит, урҭ реиҳарак ашьха қыҭақәа рҿы инхо роуп", - иҳәеит Баҭал Берзениа.

Берзениа иазгәеиҭеит, араион аԥҭекақәа рҿы еиҳа ауаа зызҵаауа ахәшәқәа рыла аиԥҟьара ҟамларц азы, аԥшәмацәа рыҽрымаданы аҳәара шрырҭо раԥхьа иргыланы зда ԥсыхәа ыҟам апрепаратқәа ааргарц.

"Шжәдыруеит араион аҿы аҳәынҭқарратә аԥҭекақәа шыҟам, аха уеизгьы аԥшәмацәа аӡәырҩи ҳареи ҳаилибакааны, ауаа ҳазларыхәаша азҵаатәқәа ҳрылацәажәеит", - инаҵишьит Берзениа.

Министерство здравоохранения передало Гагрской Центральной районной больнице препаратов и медизделий на сумму более 1 миллиона рублей - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра Гагра ахәышәтәырҭа COVID-19 аҟынтәи ахәшәқәа анаҭеит

Гагра араион Ахадара аҭел ҷыда ала, Баҭал Берзениа дзыҿцәажәо ауаа гәахәарыла ирыдыркылоит рганахь иаарԥшу агәцаракра. Лида (лыжәла аҳәара лҭахымхеит) даара лгәы шьҭнахит лгәабзиара аҳақьымцәа рыдагьы араион Ахадараҟынтәи иахьазҵаауа.

"Сара даара сацәшәон ари ачымазара, схы сшацклаԥшуазгьы исылакьысит. Анцәа имчала аҩны сыштәо исхызгоит. Аҳақьымцәа исзылырҩааз ахәшәқәа зегьы зжәоит. Аԥҭекаҿы исмоуз ыҟоуп, уи Баҭал Берзениа ишсықәиршәо агәра сиргеит.иҟарҵо агәцаракразы иҭабуп", - лҳәеит ачымазаҩцәа руаӡәы.

Гагра араион Ахадара амчала, иааиуа амчыбжь азы, араионтә хәышәырҭа ахәыҷҭәы ҟәша COVID-19 ачымазара злоу рзы еиқәыршәахоит. Араҟа зныҭрыс ирыдыркылоит 40-ҩык апациентцәа. Аинфекциатә ҟәша акәзар 20 ҭыԥ амоуп акоронавирус зцәа иалоу рзы, иахьа араҟа ишьҭоуп 17-ҩык.

Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы акоммерциатә шьаҭала ишьақәыргылоу акомпиутортә томограф акәзар, уи аԥшәмацәеи араион Ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышьи еицәажәаны иазааит, есымза, ахәшәтәырҭа ишьҭарҵо акоронавирус змоу 60-ҩык апациентцәа хәыда-ԥсада рырԥҳақәа ҭырхыртә еиԥш алшара шыҟало.

"Аҳақьымцәа, акомпиутортә томограф аппарат ала игәаҭатәны ирԥхьаӡо аквотаҿы иарбоу 60-ҩык иреиҳахаргьы, уахь иаҵанакырц зылшо акатегориақәа аибашьра аветеранцәа, зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоу аҭаацәарақәа уҳәа иҵегь ҳрызхәыцны, хәыда-ԥсада ррыԥҳақәа ҭырхыртә еиԥш алшара рыҭахоит. Уи иацу ахарџь араион Ахадара ахахьы иагоит", - азгәеиҭеит Берзениа.

Иаарласны Гагра араион Ахадара афинанстә цхыраарала ахәышәтәырҭазы иаахәахоит абиохимиатә лабораториа.

Ажәабжьқәа зегьы
0