Узбекистан атәылауаа аҩбатәи ргәыԥ Аԥсны аанрыжьит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолеты авиакомпаний Uzbekistan Airways ("Узбекские авиалинии") и "Победа" в аэропорту "Внуково".
Самолеты авиакомпаний Uzbekistan Airways (Узбекские авиалинии) и Победа в аэропорту Внуково. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра азин рымоуп Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа реиԥш, Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа руааԥсыреи, уа инхо Украина ауааԥсыреи. Егьырҭ аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа аҳәаа ахысра азин рымам.

АҞӘА, жьҭаара 29 - Sputnik. Узбекистан атәылауаа аҩбатәи ргәыԥ, 299-ҩык злахәу, Аԥсны аанрыжьит ҳәа аанацҳауеит Узбекистан ААР асаит.

"Акомиссиа ҷыдеи, Узбекистан адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, атранспорт аминистрреи рыӡыбрала 2020 шықәса жьҭаара 28 рзы Аԥсны иҟаз ҳтәылауаа ачартертә реис АО Uzbekistan Airways ала рыԥсадгьыл ахь игьыжьит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Узбекистан атәылауаа, 19-ҩык злахәыз ргәыԥ Аԥсны аанрыжьит жьҭаара 9 рзы аилахәыра  АО "Узбекистон темир йуллари" ("Железные дороги Узбекистана") ахархәарала.

Узбекистан адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура иазгәанаҭоит узбектәи адипломатцәеи аурыс гани аилацәажәарақәа шымҩаԥырго Аԥсны иаанханы иҟоу Узбекистан атәылауаа Урыстәыла аҵакыра транзитла ралгара алыршаразы.

Официалла аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра азин рымоуп Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа реиԥш, Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа руааԥсыреи, уа инхо Украина ауааԥсыреи. Егьырҭ аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа аҳәаа ахысра азин рымам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0