Аслан Бжьаниеи Дмитри Козаки Москва еиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа амҩа дықәлеит жьҭаара 26 рзы. Аслан Бжьаниа ахадас дҟалазар ари ахәбатәи ныҟәароуп имҩаԥигоу.

АҞӘА, жьҭаара 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки  Москва еиԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа, ҷыдала 2020-2022шш. рызтәи Аинвестициатә программа апроектқәа. Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахадара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы ианаҭо ацхырааразы ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Апресс-маҵзура адыррала аиԥылара иалахәын Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич, Урыстәыла ахада Иусбарҭа аҳәааԥнытә усеицуразы аусбарҭа аиҳабы Алексеи Филатов.

Аслан Бжьаниа ахадас дҟалазар ари ахәбатәи ныҟәароуп имҩаԥигоу.

В Москве отменен режим самоизоляции  - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылара азыԥхьагәаҭаӡам

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны ахада иаҳасабала иара Москваҟа дцеит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы. Усҟан иара ицын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳаи.

Аҩынтә раан рашәара 24 рзы Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин иааԥхьарала ихы алаирхәит Москва имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкыз Апарад, уи акоронавирус иахҟьаны лаҵара 9 аҟынтәи ари арыцхә ахь ииаган.

Ԥхынҷкәын 30 рзы Бжьаниа ҩаԥхьа Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь дцеит усутә ныҟәарала, усҟан имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны аҩтәылак рыбжьара аҳәаа аартразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Цәыббра 7 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь Москваҟа усутә ныҟәара ҳәа амҩа дықәлеит.

Москва, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабичи аиԥылара рыман.

Ажәабжьқәа зегьы
0