Зықь тонна рҟынӡа ажь рҭааит Гәдоуҭа араион аҿы

© Sputnik / Илона ХварцкияСбор винограда в Очамчире
Сбор винограда в Очамчире  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа 181 гектар ӡахәаҭра ыҟоуп ақыҭанхамҩа аусбарҭа адыррақәа рыла.

АҞӘА, абҵара 3– Sputnik, Бадри Есиава. 2020 шықәсазы ишазыԥхьагәаҭаз ала зықь тонна рҟынӡа ажь рҭааит Гәдоуҭа араион аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳаҩы Иури Кәарцхьиа.

Сбор арбузов в селе Адзюбжа - Sputnik Аҧсны
Аимпорт аиҵахара Гәдоуҭа араион аҿы ауҭраҭых аҭира еиҳанатәит

"Ҵыԥхгьы аҽаҩра цәгьамызт, сынтәа аасҭа 5-10% рылагьы еиҳан. Сара сгәаанагарала аҽаҩра аҳауатә ҭагылазаашьақәа анырра рзыҟанаҵеит. Аԥхын акыр иаарҩаран. Ус шакәугьы зегь цәгьоуп ҳазҳәом. Ажьҭаара уажәшьҭа ихыркәшахоит", - иҳәоит иара.

Кәарацхьиа иазгәеиҭеит зынӡа Гәдоуҭа араион иахьаҵанакуа 181 гектар хатә ӡахәаҭра ыҟоуп ҳәа.

Иара ишиҳәо ала 650 тонна рҟынӡа аҩыцқьа ҟалароуп. Аха аӡи ашьақари алаҭәаны ишыҟарҵо ала уи 1200 тонна рҟынӡа ҟалар алшоит.

Ажь аҟара акивигьы еизгахоит сынтәа. Уи 300 тонна рыла 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҵахоит. Араион аҿы 32 гектар акиви рааӡоит.

Афеихо аҽаҩра акәзар рацәак еиҭакра амам. Иҟоу 78 гектар рҟынтәи 270 тонна рҟынӡа ҭыҵроуп. Уи ҵыԥхтәи арбагақәа ирцәыхарам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0