Аԥсны асезонтә еимҳәазы алаҵа абҵарамзазы иҟарҵоит

© Foto / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМедицинский работник делает укол
Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы асезонтә еимҳәа алаҵа жьҭаарамзазы иҟарҵараны иҟан, аха урыстәылатәи алаҵа ҭзыжьуа азауадқәа ианаамҭаз иахьахьымӡаз азы аграфик еиҭагахеит.

АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Аԥсны асезонтә еимҳәазы алаҵаҟаҵара абҵара 9 инаркны иалагоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра хәшәылеи медицинатә хархәагалеи аиқәаршәараз аусбарҭа аиҳабы Ахра Аџьба.

Анжела Арчелия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арҷелиаԥҳа агрипп аҟынтәи алаҵазы: ҭагалан иаҳа еиӷьуп аҟаҵара

"Амчыбжь анҵәамҭазы 1000 дозак алаҵа ҳауеит. Иаанхо ахыԥхьаӡара абҵарамза анынҵәо иҳауеит", - иҳәеит Аџьба.

Аџьба иажәақәа рыла х-еилахәыракны иҟоу алаҵа "Ультрикс Квадри" ахәыҷқәа роуп иззырхо, ԥшь-еилахәыракны иҟоу алаҵа "Совигрипп" адуцәа роуп иззыҟарҵо.

Аџьба иҳәеит изҭаху зегьы хатәгәаԥхарала аполиклиникаҿ инеины хәыда-ԥсада иҟарҵар шыҟало.

Алаҵа аныҟарҵа ашьҭахь 14 мшы рыҩныҵҟа ауаҩытәыҩса ицәеижь аҿы иҿио иалагоит ацәеижьҿагылақәа – авирус хызҽуа.

Алаҵа аашьҭра аамҭа хьшәахеит избанзар Урыстәыла ақәҵара ҭыҵит 60 процент ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵазарц азы. Азауадқәа аминистрра адырра арҭеит убри азы алаҵа аашьҭра аграфик шеиҭаҵуазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0