Урыстәыла атуроператорцәа: Аԥсны ашықәс ҿыц ахгара аинтерес змоу маҷуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПредновогодняя столица
Предновогодняя столица - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 1, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иаҭааит 600 000-ҩык атуристцәа ҳәа адырра ҟанаҵоит Атуризм аминистрра.

АҞӘА, абҵара 4- Sputnik, Алексей Стефанов. Урыстәылауаа аҳәаанырцәҟа рцаразы иҟоу аԥкырақәа ирыхьмырԥшыкәа Аԥсны ашықәс ҿыц аныҳәа ахгара аинтерес змоу маҷуп ҳәа Spuntik иазеиҭалҳәеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа анагӡаратә директор Ассоциации Маиа Ломиӡе.

Украшение новогодней елки на Соборной площади Кремля - Sputnik Аҧсны
Атуризм аминистрра: ашықәс ҿыцаз заатәи аҿаҵарақәа активла имҩаԥысуам

"Ауаа рацәа ашьҭам. Аҭирақәагьы рхыԥхьаӡара маҷуп. Аԥсны ихадароу  амшын ауп, аӡын уи ахархәара амам",- лҳәеит лара.

Уаанӡа Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иҳәахьан аныҳәаамҭақәа рзы заанаҵтәи анхарҭа ҭыԥқәа рҿаҵара активла имҩаԥысуам ҳәа. Иара игәаанагарала уи зыхҟьо асистема кешбек ауп. Уи инақәыршәаны урыстәылатәи атәылауаа атәыла аҩныҵҟа рыԥсшьараан рхарџьқәа рыхәҭак рыздырхынҳәуеит.

Аԥхынразы, Урыстәылатәи атуристцәа хыԥхьаӡара рацәала ианырзыԥшыз аамҭазы аҭагылазаашьа иаԥырхагахеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара авиеимадара ҳәа агәаанагара лымоуп Ломиӡе.

Нанҳәа  1, 2020 шықәса инаркны Аԥсны иаҭааит 600 000-ҩык атуристцәа ҳәа адырра ҟанаҵоит Атуризм аминистрра. Ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар  атурпоток ҩынтәны еиҵахеит.

Урыстәылеи Аԥсни рҳәынҭқарратә ҳәаа аадыртит нанҳәа акы инаркны. Нанҳәа 7 инаркны иаадыртит аихамҩатә еимадара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0