Гагра араион абҵара 6 рзы фымцалашарада иаанхоит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация с энергоснабжением Крыма
Ситуация с энергоснабжением Крыма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афымцалашара аҟамзаара мзызны иамоуп авольтҳарак ҳақәа рҿы аремонт-профилактикатә усурақәа ахьымҩаԥырго.

АҞӘА, абҵара 5 - Sputnik. Ареспубликатә унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵоит абҵара 6 асааҭ 11.30 - 15.00 рзы Гагра араиони ақалақь Пицундеи фымцалашарада ишаанхо азы.

"ПС Бзыбь аҿы аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы Гагра араиони ақалақь Пицундеи фымцалашарада иаанхоит", - аҳәоит АУН Фейсбук аҿтәи адаҟьаҿы.

Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адыррақәа рыла Аԥсны афымцамч ахархәара есышықәса  5−9% ихалоит. Илегалым амаининг аҿагыларатә усқәа макьаназы лҵшәа дук рымам. Апандемиа инадҳәаланы аԥареизгара 2020 шықәса рзы 30 миллион рҟынтәи 15-20 миллион рҟынӡа илеиит. 2021 шықәсазы ЕгрыГЕС аремонт азураан Урыстәылантәи афымцалашара Аԥсныҟа иаауа иҟарҵоит. Аенергосистема нагарҭа амамкәа иажәуп.

Жьҭаара 9 рзы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа Москва аусутә еиԥылара мҩаԥылгеит ареспублика фымцалашарала аиқәыршәара азҵаарақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0