Аԥсны иреиӷьу афотожурналистцәа алыркаауеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие монографической выставки "Симон Ушаков - царский изограф"
Открытие монографической выставки Симон Ушаков - царский изограф - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2021 шықәса лаҵарамзазы имҩаԥысраны иҟоуп аиндаҭлара "Абхазия в фокусе" иреиӷьу аусумҭақәа рцәыргақәҵа.

АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Аҩбатәи Афотоеиндаҭлара "Абхазия в фокусе. Из 20-го в 21-й" абҵарамзазы имҩаԥысуан ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аидеиа автор, амҩаԥгаҩ, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фаина Кандратиева.

"Актәи аиндаҭлара ашьҭахь планс иҳаман иреиӷьу аусумҭақәа рцәыргақәҵа амҩаԥгара, аха апандемиа ҳагәҭакқәа аԥсахит. Иҳаӡбеит ааԥынрахь иахаагарц, аҭагылазаашьа анеиӷьхо. Ҳара актәи афотоеиндаҭлара хҳаркәшеит ишахәҭаз аиԥш: адипломқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аҳамҭақәа Гран-при ҳшеит", - еиҭалҳәоит лара.

Аҩбатәи аиндаҭлара афотожурналистика ажанр иазырхоуп. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа ирыдгалоуп еиуеиԥшым аноминациақәа: "ажәабжьқәа", "есҽнытәи аԥсҭазаара", "иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара", "ҳаамҭауаҩ ипатреҭ". Афотосахьақәа ркьыԥхьлоит Instagram, Facebook, Vk уҳәа аиндаҭлара адаҟьақәа рҿы.

Адгур Гунба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәынба аицлабра "Аԥсны афокус аҿы" азы: аԥсуаа рыбзазашьа ацәыргара сыгәҭакын

2021 шықәса лаҵарамзазы имҩаԥысраны иҟоуп аиндаҭлара "Абхазия в фокусе" иреиӷьу аусумҭақәа рцәыргақәҵа. Рыхьӡқәа рыларҳәоит иалкаахаз, Гран-при занашьахо.

"Афотоцәыргақәҵахь инагахоит 80 усумҭа, актәии аҩбатәии аиндаҭларақәа рҿы иалкааз. Иалкаахоит иахьатәи Аԥсны аԥсҭазаара еиҳа еиӷьны иузырбо. Ҳаиндаҭлара иахықәкуп иахьатәи ҳаԥсҭазаара, ҳинтересқәа, ҳҭахрақәа  раарԥшра", - лҳәеит Кондратьева.

Лара илҳәеит иаарышьҭуа аусумҭақәа рганахь ала аҭаххарақәа аиндаҭлара  Facebook аҿтәи адаҟьаҿы ишаныло. Есымза ажиури балла ишьақәдыргылалоит ареитинг аԥыжәаҩцәа.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит агәыҳалалратә фонд "Амшра" афинанстә цхыраарала.

Афотоеиндаҭлара ажиури иалахәхоит: Павел Волков (Урыстәыла), Тьерри Кергроак (Франциа), Витали Џьениа (Аԥсны), Инар Нарманиа (Аԥсны), Асида Аҳәԥҳа (Аԥсны), Амина Џьонуаԥҳа (Аԥсны).

Аусумҭақәа рыдыркылалоит хәажәкыра 15, 2021 шықәсанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0