Аԥсны Аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут аҟны аимҳәаршәааз алаҵа ԥыршәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукНИИЭПиТ.
НИИЭПиТ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
10 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсны аексперементалтә паталогиеи атерапиеи рнаука-ҭҵаарадырратә Институт аус ацнауеит Н.Ф. Гамалеиа ихьӡ зху урыстәылатәи анаукатә Центр.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik. Аԥсны аексперименталтә патологиеи атерапиеи рнаука-ҭҵаарадырратә Институти Н.Ф. Гамалеиа ихьӡ зху урыстәылатәи анаукатә Центри аимҳәаршәаазы алаҵа аус адыруылоит ҳәа еиҭалҳәеит Аԥсны НИИЕПиТ адиректор ихаҭыԥуаҩ Алиса Матуаԥҳа.

"Аԥхьатәи алаҵа аимҳәаршәаа ахҽра иазку лаҵоуп. Жәашықәса раԥхьа аҭҵаарақәа рымҩаԥгара ҳалагеит", - еиҭалҳәоит лара.

Матуаԥҳа лажәақәа рыла аицусура иахықәкны иҟоуп алаҵа ашәарҭадареи аиммунтә ҟазшьақәеи рыҭҵаара. Модельк аҳасаб ала ахархәара рырҭоит амаамынқәа.

"Аклиникаԥхьатә етап қәҿиарала ихыркәшоуп. Алаҵа шшәарҭам, хра аманы ахы шаанарԥшуеи шьақәырӷәӷәоуп", - лҳәоит лара.

Иахьазы Урыстәыла аклиникатә етапқәа ҩба ирхысуп, уажәы ахԥатәи аетап аус аураны иҟан, аха акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны иаанкылоуп.

"Ахԥатәи аетап хҳаркәшахьазар акәын аха адунеи аҿы имҩаԥысуаа хҭысқәа ҳԥырхагахеит. Ус шакәугьы ҳусура аанкылам. Иаҳхысыз амзазгьы ҳколлегацәа ааны иҟан, аусурақәа еицымҩаԥаагон. Лаҵак аганахь ала аклиникатә етап хыркәшоуп",- лҳәоит лара.

Урыстәыла адуцәа рҿы иԥыршәо аклиникаԥхьатә ахԥатәи аетап инаваргыланы НИИЕПиТ аҿы имҩаԥыргоит  ҿыц ииз агамадрилқәа алаҵа рзыҟаҵара. Аҭакқәа хра рыманы иаарԥшхар алаҵа аҿыцира хәыҷқәа рзыҟаҵара шауазы ажәалагалақәа ҟаҵахоит.

Есышықәса адунеи аҿы иазгәарҭоит миллионҩыла ауаа аимҳәаршәаа иахҟьаны рыԥсра. Ахәыҷқәа рыԥсра зыдҳәало аҿкчымазарақәа рыгәҭа аимҳәаршәаа афбатәи аҭыԥ ннакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0