Жәаҩаҩык апациентцәа нагоуп Гагратәи ахәышәтәырҭа аковид-ҟәшахьы

© SputnikГагрская районная больница
Гагрская районная больница - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахадара аинформациала апандемиа аамҭала араионнн аҿы иаарԥшын 258 коронавирустә ҿкыра хҭыс.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Жәаҩаҩык апациентцәа абҵара 2 раахыс инаргахьеит Гагратәи ахәышәтәырҭа аковид-ҟәшахьы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Гагратәи ахәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Индира Арсалиаԥҳа.

Администрация Гагры - Sputnik Аҧсны
Гагра араион Ахадара COVID-19 аҩны изхызго хылаԥшра рырҭоит

Лара иазгәалҭеит аҭыԥ-цҵақәа аназдырхиа ашьҭахь, ахәышәтәырҭа ишаиуз алшара COVID-19 змоу 50-ҩык апациентцәа рыдкылара.

"Аҿкратә ҟәшаҿы аханатә 18 иара рхиан, уажәы уажәы 50 иара-ҭыԥ ҳамоуп. Жәаҩаҩык апациентцәа аобсервациаҿ иҟоуп. Урҭ атестқәа рҭак иазыԥшуп. Иара убриаҟара ауаа акоронавирус рзышьақәырӷәӷәаны аковид-ҟәшаҿы ишьҭоуп", - лҳәоит Арсалиаԥҳа

Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы ачымазцәа хьанҭақәа шьҭаӡам. Усеиԥш иҟоу апациентцәа Гәдоуҭатәи аковид госпиталь ахь иҳашьҭуеит ҳәа лҳәоит Арсалиаԥҳа.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Баҭал Берзениа иинформациала апандемиа аамҭала араион аҿы иаарԥшын 258 акоронавирустә хҭыс, аҵыхәтәантәи амчыбжь аҩныҵҟа иаарԥшын 28 хҭыс.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы жьҭаара 15 инаркны аԥкырақәа алагалоуп. Ԥкырақәак амчра рымоуп жьҭаара 5 раахыс.

Жьҭаара 8 рзы Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Ҳагәышь аусдҵа "Гагра араион ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы хаз иго уснагӡатәқәак рзы" инапы аҵеиҩит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0