Ажәытәра иаҿахәҳәагоу, аҿатәра иалашарбагоу: 70 шықәса зхыҵуа ачамгәыр иаци иахьеи

© Foto / предоставила Сырма Ашуба История 90 летнего ачамгура
История 90 летнего ачамгура - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьгьарда ақыҭан инхоз Ашьиа Бебиаԥҳа-Лацәышба лчамгәыр аҭоурых лмаҭа Фатима Џьалаӷаниаԥҳа ажурналист Сырма Ашәԥҳа илзеиҭалҳәеит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рыблаҷыц еиԥш иахӡыӡаауеит реиҳабацәа рҟынтәи ирзынхаз аҭоурых иаҿахәҳәагоу ажәытә маҭәахәқәа. Убас еиԥш, уажәы ишәыдаагало жәлар рашәаҳәагатә инструментқәа ируаку ачамгәыр амаӡақәа ҳзаалыртуеит Фатима Џьалаӷаниаԥҳа. Лара ланду Бебиаԥҳа Ашьиа Кәабзач-иԥҳа шьҭрала д- Кәтолтәын, Џьгьарда Лацәышаа дырҭацан, зыхьӡ нагаз Нестор Лацәыш иԥшәмаԥҳәыс лакәын.

"Сара санду (мамаду ҳәа лаҳҳәон) жәаҩык ахшара лхылҵит, аха ишхәыҷқәаз иԥсқәаз ыҟоуп, аҵыхәтәаны 15 шықәса зхыҵуаз лыҷкәынгьы дыԥсхьан, уи анаҩсан илааӡаз илԥылаз ԥшьҩык аԥҳацәеи лыҷкәын заҵәи роуп, хәҩык ахшара. Убарҭ рҟынтәи зегьы иреиҵбыз сан лакәын, Заира лыхьӡын. Сан сараӡәк сакәын ԥҳас илымаз, санеизҳагьы санду лҳәахьа сан иналыгӡеит", - ҳәа ажәабжьҳәара дналагеит Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

© Foto / предоставила Сырма Ашуба Фатима Джалагониа
Ажәытәра иаҿахәҳәагоу, аҿатәра иалашарбагоу: 70 шықәса зхыҵуа ачамгәыр иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Фатима Джалагониа

Ишаԥу еиԥш, аԥсуаа рыԥсымҭазы ауасиаҭ нрыжьуан, уи знапы ианыз инаигӡар акәын, мамзар иҵасмызт. Ашьиа Бебиаԥҳа луасиаҭ акәзар, абас еиԥш иҟан.

Ашәаа ргәараҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуареи ажәытә ҭынхеи пату ахьрықәу: Ашәаа рҭаацәара аҭоурых

"Сара саныԥслак ашьҭахь, шықәсык аԥсуаа ишыҟарҵо еиԥш, сеишәамаҭәа илашәҵа счамгәыр, ашықәс анҵлак амаҭәақәа анышьҭышәхлак, смаҭа Фатима сара сҟынтәи ҳамҭас, гәаларшәагас илымазааит" ҳәа ауасиаҭ нлыжьит санду. Сан лаҳәшьцәа еиҳабацәан, санду леишәамаҭәа анышьҭырх, сан илырҭеит ачамгәыр, усҟан сара схәыҷын, аиҵбыратәи аклассқәа рҿы аҵара сҵон Кәтол ақыҭан", - лҳәеит Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

Фатима излазгәалҭо ала, ачамгәыр арҳәашьа ахьылҵашаз амузыкатә школ ахьыҟамыз азы ахархәашьа лыздыруам, уи лгәы иалоуп.

"Аҵара салганы аҭаацәара салалеит саншьцәа рқыҭаҿы Џьгьарда. Зны аанҿасра сҭаацәа рахь санца, сан ус салҳәеит: "Абри банду ибзынлыжьхьаз ачамгәыр ауп, ибҭахызар уахь аҩныҟа ига", - ҳәа. Сара акырӡа сеигәырӷьеит санду исзынлыжьхьаз аҳамҭа сан аҩныҟа иахьсылҭаз. Иахьа уажәраанӡагьы сахьынхо Џьгьарда ақыҭаҿы иҵәахны, хәыҷык дахьзаламкьысша аҭыԥ аҿы иҵәахны исымоуп. Гәалас исымоу акоуп - схәыҷқәагьы саргьы арҳәашьа ахьаҳзымдыруа. Схәыҷкәа аибашьра ашьҭахь ашкол иахьҭаз ачамгәыр арҳәашьа рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟамызт", - лҳәоит Фатима.

Џьырхәатәи ашкол аҟны ажәытә аԥсуа напкымҭақәа руада - Sputnik Аҧсны
Агара, напылақәҵара ампахьшьқәа, акыдыршәылақәа: џьырхәатәи ажәытәра аҭынха

Зегь акоуп Фатима Џьалаӷаниаԥҳа агәыӷра лымоуп, еизҳауа лмаҭацәа аԥхьаҟа ачамгәыр адырҳәо иҟалап ҳәа. Абриаҟара шықәса аԥсы ҭаны иааизар, хымԥада уи арахәыцқәа ирхылҵуа абжьы ҩаԥхьа еихсыӷьра ақәлом, аԥхьаҟагьы аҿахәы аҳәашт.

"Даара пату, ҳаҭыр сзақәуп ари ачамгәыр, избацыԥхьаӡа санду сыбла дыхгылоуп. Ҳан ҳлыманы ҳанду лҿы ҳшыҟаз ауп лара лыԥсҭазаара дшалҵызгьы 1975 шықәсазы, ибзианы дысгәалашәоит, ахԥатәи акласс аҿы стәан. Ачамгәыр ахаҭа қәрала 70 шықәса иреиҵам, напылаҟаҵароуп", - ҳәа азгәалҭоит амаҭа.

Фатима ибзианы илгәалашәоит ланду ачамгәыр аналырҳәоз аамҭа, убриаҟара бзиа илбон лыԥсеиԥш дахӡыӡаауан, насгьы хьаа хҽыгасгьы илыман.

"Даара лыбжьы ссирын санду, сангьы ачамгәыр арҳәашьа лдыруан, ашәа анеицырҳәалозгьы ыҟан. Абыржәгьы слымҳа иҭаҩуазшәа збоит, сгәаҵанӡа инеиуеит рыбжьы, ачамгәыр ашәа анацырҳәоз. Ажәытә аԥсуа шәақәа, агәаҟ ашәақәа уҳәа иарбан санду ачамгәыр иацлымҳәоз ашәақәа?!" - лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшон Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

Ашьиа Бебиаԥҳа фҩык аишьцәа драҳәшьан, дагьраҳәшьазаҵәымызт, иҵегь аиҳәшьцәа лыман. Лашьцәа анлыԥхалак, рышықәс мызқәак анахылалак ашьҭахь, лчамгәыр аашьҭыхны днатәон. Шықәсык илкӡомызт, леиқәаҵәа маҭәагьы лшәылхуамызт, лашьцәа ишахәҭаз еиԥш илџьабон. Лашьцәа лзы лгәырҩа ачамгәыр ала иахылгон.

"Сандуи сабдуи аҵара рымаӡамызт, аха рыхшара зегьы иреиҳау аҵара дуқәа ддырҵеит, рхы аџьыка ықәхны ирааӡеит. Рыҷкәын заҵәы араион аҟны еицырдыруаз, ақыҭақәа напхгара рызҭахьаз, Очамчыра аҵәахырҭатә банк аҟны еиҳабыс аус зухьаз, хьӡи-ԥшеи змаз Андреи Лацәыш ҳәа дыҟан, убри иаагамҭан зыӡбахә сымоу ачамгәыр, ҳамҭасгьы иан илиҭахьан", - лҳәеит Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

Ажәытәра иаҿахәҳәагоу, аҿатәра иалашарбагоу Ашьиа Бебиаԥҳа лчамгәыр аԥсынҵры дууп, иаҿоу арахәыцқәа аԥхьаҟа ирхылҵраны иҟоу ашьҭыбжь еицакра шақәымло агәра лгоит иахьа уи знапаҿы иҟоу лмаҭа Фатима Џьалаӷаниаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0