16 шықәса зхыҵуа Аҟәа инхо Дариа Пархоменко дыӡит

© Foto / из личного архива Дарьи ПархоменкоДарья Пархоменко
Дарья Пархоменко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иӡыз Дариа Пархоменко – Аҟәа дынхоит, абжьаратә школ № 12 ажәеизатәи акласс аҟны аҵара лҵоит.

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәаф- шықәса зхыҵуаз Аҟәа инхо Дариа Пархоменко абҵара 6 рзы аҩнынтәи дцеит, Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа дахысит, уинахыс лыӡбахә ыҟам ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит лан лаҳәшьа Иана Усенко.

"Иҟоу ҳаздырам. Амза фба рзы лан длыҳәеит 200 мааҭ лылҭарц, илҳәеит колеи ачипсқәеи аасхәоит ҳәа. Ааигәа инхоз лҩыза лахь акиносахьа ахәаԥшразы сцоит лҳәеит", - еиҭалҳәоит лара.

Аӡӷаб аҩны дандәылҵуаз аџьинс иалху акурткеи аиқәеи лышьан. Лнапаҿы шәыраҳәа акгьы лrымызт. Ҩбаҟа сааҭ ааҵуаны лан аҭел дылзасит аха аҭел аҭак ҟанамҵеит. Нас лара Дариа лҩыза дылзасит.

"Аамҭа акыр цеит, Даша аҩныҟа дааиааит ҳәа илҳәаз аҭакс лҩыза Даша зынӡагьы ара дыҟамызт ҳәа лҳәеит. Саҳәшьа сара аҭел дысзасит. Сара Иулиа (Даша лан) иласҳәеит апаспортқәа аҩны иҟоу иҟаму гәалҭарц. Данеимда апарспортқәа ыҟамызт" еиҭалҳәоит Усенко.

Абри ашьҭахь Даша лани лаби аурыс-аԥсуа ҳәаахь ицеит. Аҳәаахьчаҩцәа ииасуаз рсиала ирарҳәеит аӡӷаб аҳәаа асааҭ 14:55 рзы дахысит ҳәа.

"Ауаҩы даныӡуа хымш рышьҭахь ауп ашәҟәқәа анрыдыркыло аха лара лықәра наӡамызт азы арзаҳал иаразнакы ирыдыркылеит", - лҳәоит ан лаҳәшьа.

Иана Усенко иара убасгьы илҳәеит Урыстәылатәи аусҭҵааҩ аӡӷаб лҭаацәа еснагь иҽышрымеидо. Макьаназы идыру Даша аҳәаа дшахысыз аиԥш автобус дақәтәеит, аилаҳәара лкын.

"Аҳәаа лхала дахысит. Ауаажәларратә транспорт дақәтәеит. Лыԥшаара иаҿу автобусқәа зегь гәарҭахьеит, акамерақәа ҭырҵаахьеит, аха макьаназ иԥштәуп рҳәоит", - лҳәоит аԥҳәыс.

© Foto / Яна УсенкоДарья Пархоменко
16 шықәса зхыҵуа Аҟәа инхо Дариа Пархоменко дыӡит - Sputnik Аҧсны
Дарья Пархоменко

Усенко лажәақәа рыла иҟалаз азы аҭаацәа гәаанагарак рыманы иҟам.

Дариа Пархоменко лан лаҳәшьа илҳәеит Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәагьы адырра шрыҭоу.

Жәаф-шықәса зхыҵуаз Аҟәа инхо Дариа Пархоменко абҵара 6 рзы аҩнынтәи дцеит, Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа дахысит, уинахыс лыӡбахә ыҟам

Ажәабжьқәа зегьы
0