Иҭҟәацыз аӡымҩангага анеиҭашьақәыргылахо атәы рҳәеит "Аӡыканал" аҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукУлицу Фазиля Искандера
Улицу Фазиля Искандера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа, Искандер имҩаҿы абҵара 9 рзы аӡымҩангага ԥжәеит, ааигәа игылаз аҩнқәа аӡы рыҵалеит.

АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа, Искандер имҩаҿы абҵара 9 рзы иԥжәаз аӡымҩангага мышкы ахы-аҵыхәала еиҭашьақәыргылахоит, аха аусурақәа иаашаанӡа ҳаргар ҟалоит ҳәа азгәаиҭеит "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб.

© SputnikАҟәа, Искандер имҩаҿы абҵара 9 рзы аӡымҩангага ԥжәеит
Иҭҟәацыз аӡымҩангага анеиҭашьақәыргылахо атәы рҳәеит Аӡыканал аҿы - Sputnik Аҧсны
Аҟәа, Искандер имҩаҿы абҵара 9 рзы аӡымҩангага ԥжәеит

"Авариа ҟалеит Искандер имҩаҿы. Ара 500 миллиметра зыҭбаара ыҟаз апластикатә труба шьҭаҵан хәышықәса раԥхьа. Уажәы аиԥшьырҭаҿы иԥжәеит. Аиҭашьақәыргылара ҳалагеит, иахәҭоу атехника зегьы ҳамоуп. Ихадароу аӡы аанкылароуп. Акранқәа зегьы аҳаркит, аха аӡы цәыҵысуеит. Ас еиԥш иҟоу аӡымҩангагатә цәаҳәақәа аӡы анырҭоу, иузеиԥшьуам", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа, Искандер имҩаҿы абҵара 9 рзы аӡымҩангага ԥжәеит
Иҭҟәацыз аӡымҩангага анеиҭашьақәыргылахо атәы рҳәеит Аӡыканал аҿы - Sputnik Аҧсны
Аҟәа, Искандер имҩаҿы абҵара 9 рзы аӡымҩангага ԥжәеит

Анџьныр иҳәеит иҟалаз иахырҟьаны ақалақь ӡыда иаанымхеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0