Аԥсны иҟоу урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа ашәыри ацхеи ҳамҭас ирзынарышьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыуадаҩу инадҳәаланы, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи арахь цхыраара иааны иҟоуп амедицинатә усзуҩцәа. Аҟәа иаартуп хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь.

Аԥсны ауааԥсыра ари ацхыраара азхьаԥшра арымҭар рылшомызт. Гали Очамчыреи рхадарақәа уи аҭак шыҟарҵаз Sputnik аматериал аҿы.

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

Аҩыза ицхыраара

Жьҭаара 20 раахыс Аҟәа иаарту амобилтә госпиталь аҿы ирхәышәтәхьеит 100-ҩык инарзынаԥшуа COVID змоу ҳуааԥсыра.

Госпиталь COVID-19 в ЦИТО им. Н. Н. Приорова - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҿы акоронавирус змоу 100-ҩык рхәышәтәхьеит

2020 шықәса мшаԥымзаахыс Аԥсны ишрылшо ала акоронавирустә инфекциа иаҿагылоуп. Аԥхьанатә авирус змаз рхыԥхьаӡара маҷзар, ԥхынгәымза инаркны ирыцло иалагеит. Ԥшьымз инарзынаԥшуа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа Аԥсны COVID-центрны иҟоуп. Аҳақьымцәа ишрылшоз ала рус иаҿын, аха аҭагылазаашьа еиҳа ианыуадаҩха, Урыстәыла ацхыраара ҳнаҭеит. Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь иаарышьҭхьеит 30-ҩык рҟынӡа аҳақьымцәа.

Ацхырааразы Аладатәи арратә округ амобилтә госпиталь ареспубликахь жьҭаара 19 рзы идәықәҵан акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу аԥснытәи апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Иара аус ауеит асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы. Агоспиталь аус ауеижьҭеи 1,5 нызқь ПЦР-диагностика мҩаԥнагахьеит. Анализқәа нарышьҭуеит Аԥсны алабораториақәа рҟынтәи, аҭҵаарақәа рҭак уахь идырхынҳәуеит. Шәҩык инареиҳаны ҳчымазцәа хәышәтәны илырҩаахьеит.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Екатеринбургнтәи амедусзуҩцәа Гәдоуҭаҟа иааиит рколлегацәа рыцхырааразы

Агәыҭбааразы аҭак

Урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа рыцхыраара аҭакс Гали Очамчыреи рраионқәа рхадарақәа ирыӡбеит COVID-центрқәа рахь аҿамаҿа нарышьҭырц.

Раԥхьатәи аҳамҭа Гәдоуҭаҟа иаашьҭын Галынтәи. Араион ахада Константин Ԥлиа жьҭаара 28 рзы аҳақьымцәа рыхьӡала 200 кьыла амандарина, афеихоа, ахәырма, 20 литра аԥсуа цха ааишьҭит.

"Абри ауп иахьазы иҳалшо, авирус иаҿагыланы ҳчымазцәа зхәышәтәуа урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа рзы. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит", - иҳәеит Sputnik зыҿцәажәоз Константин Ԥлиа.

Иара иҳәеит лшарак шыҟалалак, егьырҭ COVID-центрқәа рахьгьы асеиԥш анашьҭымҭақәа шыҟаҵахо.

© Foto / предоставила Тея АршбаАԥсны ауааԥсыра акоронавирус аҟынтәи рыхәышәтәразы иааз урыстәылатәи аҳақьымцәа рзы Гали Очамчыреи рхадарақәа ҭагалантәи аҽаҩра нарышьҭит
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа ашәыри ацхеи ҳамҭас ирзынарышьҭит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус аҟынтәи рыхәышәтәразы иааз урыстәылатәи аҳақьымцәа рзы Гали Очамчыреи рхадарақәа ҭагалантәи аҽаҩра нарышьҭит

Абҵара 9 рзы ари аԥшьгамҭа адгылара анаҭеит Очамчыра араион.

"Ҳара ҳадгьыл иҳанаҭаз аахырхра наҳашьҭит "Аиҭар" игылоу амобилтә госпиталь, Гәдоуҭатәи агоспиталь, Очамчыратәи ахәышәтәырҭа рахь", - иҳәеит Очамчыра араион ахада Станислав Амҷба.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿ ирыцхраауеит

Иара иажәақәа рыла, COVID-центрқәа русзуҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит ирзынашьҭыз ашәыр-ақәыр.

Иахьазы акоронавирустә инфекциа змоу рыдыркылоит Гәдоуҭатәи агоспиталь, Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа, Аҟәатәи амобилтә госпиталь, Очамчыратәии Гагратәии ахәышәтәырҭақәа. Гәдоуҭеи Аҟәеи иаартуп акоронавирус змоу рзы амбулаториақәа. Аҳақьымцәа ирыцхраауеит аволонтиорцәа – 39-ҩык Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудентцәа.

Иахьазы Аԥсны авирус рыдбалоуп 4898-ҩык. 3227-ҩык ргәы бзиахахьеит, рыԥсҭазаара иалҵит 58-ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0